АЖӘАБЖЬҚӘА

31.Хәажәкыр.2023

АԤСНЫ АДӘНЫҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТРРА УРЫСТӘЫЛАТӘИ АФЕДЕРАЦИА АДӘНЫҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТРРА АДИПЛОМАТИАТӘ АКАДЕМИА АҬАЛАРАЗЫ ИАҬАХУ АУСШӘҞӘҚӘА РЫДКЫЛАРА ИШАЛАГО АЗЫ АЛАҲӘАРА ҞАНАҴОИТ.

Аҟәа. Хәажәкырамза 31, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Аԥсны атәылауаа рзы Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Адипломатиатә Академиа аҭалареи амагистратуреи аспирантуреи рыпрограммақәа рыла аҵара аҵареи  рзы аконкурстә лыԥшаара алахәхаразы ихымԥадатәиу аусшәҟәқәа рыдкылара ишалаго азы алаҳәара ҟанаҵоит.

Аҭаларазы аконкурс алахәхара ҟалоит абарҭ амагистратура апрограммақәа рыла:

- ахырхарҭа «Аекономика», апрограмма «Жәларбжьаратәи аекономикеи абизнеси»;

-  ахырхарҭа «Азиндырра», «Жәларбжьаратәи ауаажәларратә зин», «Жәларбжьаратәи аекономикатә зин» апрограмма;

-ахырхарҭа «Менеџьмент», «Адәныҟаекономикатә усуреи ашәарҭарақәа рнапхгараҭареи» апрограмма (латәарадатәи аҵара аформа).

Аспирантура аҭаларазы аконкурс алахәхара алыршахоит анаукатә  занааҭқәа ргәыԥқәа «Аекономика», «Азин»; «Аҭоурыхтә наукақәа», «Аполитологиа».

Аконкурстә ԥышәарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны апретендентцәа иреиӷьу алххоит, урҭ ахәҭакахьала Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Адипломатиатә Академиа аҿы хәыда-ԥсада (абиуџьеттә шьаҭала) аҵаразы алшара роуеит.

Актәи аетап аҟны Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ахь абри аелектронтә ԥошьҭа ала Hierdie e-posadres word van Spambotte beskerm. Jy moet JavaScript ontsper om dit te lees. абарҭ аусшәҟәқәа рынашьҭа ахәҭоуп:

Иалху ахырхарҭа зну арзаҳал;

 адиплом ахкьыԥхь, мамзаргьы иреиҳаӡоу аҵараиурҭа аҿы аҵара шиҵо азы адырранҵа;

атәылауаҩратә (аҩныҵҟатәи) атәылауашәҟәы, иара убас Аԥсны атәылауаҩ аҳәаанырцәтәи итәылауаҩшәҟәы рыхкьыԥхьқәа.

Аусшәҟәқәа рыдкылара мҩаԥыслоит мшаԥымза 17, 2023 шықәса рҟынӡа.  

 

 


Read 258 times - Аҩаша, 18 Мшаҧы 2023 14:08
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.