АЖӘАБЖЬҚӘА

31.Хәажәкыр.2023

АԤСНЫ АҴАРА АМИНИСТРРА АҾЫ БАШКОРТОСҬАН АУС АЦУРА ИАДҲӘАЛОУ АЗҴААРАҚӘА ИРЫЛАЦӘАЖӘЕИТ.

Аҟәа.  Хәажәкырамза 31, 2023 шықәса  Аԥсныпресс. Аԥсны аҵара аминистр Инал Габлиа Аԥсныҟа иааз Ареспублика Башкортосҭан анапхгаратә делегациа аилазаара аҿы иҟоу аҵареи анаукеи рминистр  Аибулат Хажин диԥылеит.

Аиԥылара иалахәын иара убас аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Ада Кәарҷелиеи Аҟәатәи аҳәынҭқарратә коллеџь адиректор Светлана Габлиеи.

Инал Габлиа асас бзиала уаабеит ҳәа иаҳәо аганқәа анаҩстәи аусеицура шрыбжьало азы агәыӷра шимоу ааирԥшит.  

«Иахьа ҳара Башкортосҭанынтәи ахәыҷқәа рзы потенциалла ахархәара заур алшо аобиектқәа ҳарҭаараны ҳаҟоуп. Иара убас ҳколлеџьқәа рыбжьара аусеицура абжьаҵара ҳалацәажәоит, анаҩс анапхгарабжьаратәи аиқәшаҳаҭра ҳнапы аҵаҳаҩуеит. Исымоу алшара схы иархәаны, шәколлегацәеи шәареи жәларбжьаратәи аԥхынратәи ашкол «Ашықәс арҵаҩы» алахәхара азы ааԥхьара шәысҭоит», - ҳәа иҳәеит аминистр.

Ахәҭакахьала, Аибулат Хажин Аԥсны – амшын Еиқәа аԥшаҳәа зегьы иахьаҵанакуа зегьы реиҳа иманшәалоу аекологиатә ҭагылазашьа ыҟоуп, иара убри азыҳәан уи азҩыдаратә ԥсшьара азы зеиӷьаҟам ҭыԥны иԥхьаӡоуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.  

Аиԥылара иалахәыз анаҩстәи русеицура аҿиара иадҳәалоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит.

Аиԥылара ахыркәшамҭаз Аибулат Хажини Инал Габлиеи Аԥсны аҵара Аминистрра ахаҭарнакцәеи еицны Очамчыра араион ахь амҩа иқәлеит. Уаҟа дара Очамчыратәи абжьаратәи ашкол № 4   Очамчыратәи ашкол-интернати ирҭаараны иҟоуп.  


Read 322 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.