АЖӘАБЖЬҚӘА

31.Хәажәкыр.2023

УРЫСТӘЫЛАТӘИ АФЕДЕРАЦИА АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРЕИ ААХЫҴ УАԤСТӘЫЛАТӘИ АРЕСПУБЛИКЕИ ГАНРАЦӘАЛА АЦХЫРААРА РЫНАҬАЛОИТ.

Аҟәа. Хәажәкырамза 31, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны Аҳәынҭқарреи Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспубликеи ганрацәала ацхыраара рынаҭалоит, арҭ аҳәынҭқаррақәа рыжәларқәа хатәгәаԥхарала иалырхыз, жәларбжьаратәи азин ала ишьаҭарку Урыстәыла ахь аинтеграциа арӷәӷәара анагӡара адгылара аҭара иацнаҵоит. Абри атәы азгәаҭоуп ахәаша, хәажәкырамза 31 рзы Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин ишьақәирӷәӷәаз Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аполитика аконцепциа ҿыц аҿы.

Урыстәылатәи Афедерациа иара убас Аԥсны Аҳәынҭқарреи Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспубликеи Урыстәыла аимабзиаратә еизыҟазаашьақәа зыбжьоу аҳәынҭқаррақәа   – Евразиатәи Аеконоикатә Еидгылара алахәылацәа, Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара иалоу атәылақәа, иара убас Урыстәылатәи Афедерациа аганахьала аконструктивтә политика назыгӡо аҿиара иаҿу аҳәынҭқаррақәа рсоциал-економикатә ҿиара хадара злоу ахшыҩзышьра аҭарала, жәларбжьаратәи рыҿиара адгылара аҭара иазхиоуп.


Read 299 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.