Items filtered by date: Ахаша, 30 Абҵара 2022

Аҟәа. Абҵарамза 30, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рминистр Лев Кәыҵниа Москваҟа иусуратә ҭаара алҵшәақәа ртәы еиҭеиҳәеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Амедиацентр.

Аусуратә ҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Лев Кәыҵниа Урыстәылатәи Афедерациа иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аҟны иҟоу Аҳәынҭқарратә абылрацәыхьчаратә Академиа даҭааит. Араҟа аҵара рҵоит аԥснытәи акурсантцәа. Аминистр Академиа анапхгараҭара дрыҿцәажәеит, акурсантцәа рҵара амҩаԥысшьеи рыбзазаратә ҭагылазаашьақәеи дрызҵааит.

Иара убас Н.И. Пирогов ихьӡ зху Амилаҭтә медика-хирургиатә Центр амедицинатә катастрофақәа рзы Афедералтә Центр аплошьадка аҿы Лев Кәыҵниа акатастрофақәа рмедицина азы Афедералтә Центр анапхгараҭара дырԥылеит.  

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Абҵарамза 30, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Урытәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Дума Ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Сергеи Неверов дызлахәыз аиԥылара мҩаԥигеит.

Аиԥылара аҳәаақәа ирҭагӡаны ирылацәажәеит Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аҩ-ганктәи аусеицура иадҳәалаз азҵаатәқәа.

Аизыҟазаашьақәа рыҩаӡара ҳаракы азгәаҭаны, аҳәынҭқарра Ахада иаҵшьны иҳәеит, астратегиатә еидгылара арӷәӷәара иамоу аҵакы. «Ҳара аҵак ду аҳҭоит Аԥсны Апарламенти Аҳәынҭқарратә Думеи русеицура. Гәахәара дуа ҳацклаԥшуан Аԥсны аделегациа Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума аҭаара. Жәаҳәарада, ари ҳаиашьареи ҳаиҩызареи ртәы аҳәоит»,- ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Абҵарамза 30, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Абҵарамза 30 рзы Аԥсны Анапхгара аҳәынҭқарратә хықәкытә Программа «Анхарҭаҭыԥ  - 2025» апроект шьақәнарӷәӷәеит. Уи анагӡара азы аҳәынҭқарратә биуџьеҭ аҟынтәи 180 миллион мааҭ азоужьра азԥхьагәаҭоуп. Иарбоу аԥаратә хархәагақәа реицҵалыҵ 2023, 2024, 2025 шықәсқәа рзы еихшахоит,  есышықәса 60 миллион мааҭ азоужьхалоит.

Апрограмма алахәылацәас иҟалар алшоит:

Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы ахәрақәа зауз, актәи агәыԥ аинвалидцәа.

Хҩык, ма еиҳаны ахәыҷқәа змоу аҭаацәа;

Ахәыҷы-инвалид, ма дхәыҷы аахыс иинвалиду ахәыҷы ныҟәгатәыс измоу ауаа;

Заби зани зыԥхаз зықәра наӡам ахаҿқәа;

Зани заби зыԥхаз, 18 шықәса инаркны 30 шықәсанӡа зхыҵуа ауаа;

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Абҵарамза 30, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аминистрцәа Реилазаара аҿы 2022-2023 шш. ҭагалани аӡыни рзы аԥсыӡкра аамҭа азы аԥсыӡкранхамҩатә усура ахылаԥшра аҭара азы ауснагӡатәқәа рышьақәырӷәӷәара азы Ақәҵара рыдыркылеит.

Аԥсны ақыҭанхамҩа Аминистрра атәыла Анапхгара аҟынтәи 2022-2023 шш. ҭагалани аӡынреи рзы аԥсыӡкра аамҭа азы аԥсыӡкранхамҩатә усуразы аквотақәа разоужьра азы  азин аҭоуп: 

– Акамшьиа акреи аԥсыӡтә шыланы алагареи аԥсыӡшша алхреи  иазку аусура назыгӡо аиуристтә хаҿы змоу Аилазаарақәа ааба (Аҳәаанырцәтәи аинвестициақәа рыла аус зуо Зҭакԥхықәра ҳәаақәҵоу Аилазаара «Хамса», Еилаху Анаплакы «Абхазморпром», Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «БлэкСииФиш», Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу аилазаара «Апсыдз Бат и Бек»,  Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара Еилаху Анаплакы «Сухумский рыбокомбинат плюс», Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара Еилаху Анаплакы «Сухумский рыбокомбинат», Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Сухумское рыболовецкое хозяйство»,  Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара Еилаху Анаплакы «Сухумское рыболовецкое хозяйство N1») (18 аԥсыӡкыгатә ӷбақәа зхы иазырхәо);

 – Аԥсыӡкыгатә ӷбақәа ҩба  рхархәарала аус зуа урыстәылатәи аԥсыӡкратә наплакқәа (урҭ рыцыԥхьаӡа  рҭагӡара 240 регистратә тонн иреиҳамзароуп); 

– Аԥсыӡкыгатә ӷбақәа 10 рхархәарала  аҩныҵҟатәи аџьармыкьа иарбоу аалыҵ ала аиқәыршәара азы аԥсыӡкранхамҩатә усура назыгӡо (акамшьиа, аҵыхәшәыгә акра)  Аԥсны аиуристә хаҿқәеи хазхаҭалатәи ахаҿқәеи аусдкылаҩцәеи.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Абҵарамза 30, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара «2022 шықәсазы Аԥсны Атәанчаҩратә Фонд абиуџьеҭ азы» Азакәан аиҭакрақәа ралагалара иақәшаҳаҭхеит.

Аусшәҟәы адгалара мҩаԥигеит Афонд ахантәаҩы Денис Гәылариа.

«Аиҭакрақәа ралагалара афонд ахашәалахәқәеи ахарџьқәеи хазы игоу апараметрқәа ркорректировка ахымԥадатәра иадҳәалахеит», – ҳәа иҳәеит Денис Гәылариа.  

Аҟәша «Абиуџьетбжьаратәи аиҭаҵрақәа» ала аицҵалыҵ 140 млн. мааҭ рҟынтәи 160 млн. мааҭ рҟынӡа ашьҭыхра азы адгалара ҟаҵоуп.  Иарбоу 20 млн. мааҭ еиуеиԥшым акатегориақәа ирыҵанакуа атәанчаҩцәа ахәцҵақәа рызшәара ахь идәықәҵахоит.  

Иара убас 37 млн.  118 нызықь мааҭ рыла аҟәша «Асоциалтә политика» ала ахарџьқәа  рыцҵара азы адгалара ҟаҵоуп.

«2022 шықәса жәымз ирылагӡаны иахыԥхьаӡалоуи ииагоуи атәанчахәқәеи ахәцҵақәеи реицҵалыҵқәа, иара убас ишәамкәа иаанханы иҟаз атәанчхәқхеи ахәцҵақәеи реицҵалыҵ ашәареи  ранализ ишаҳнарбаз ала, иарбоу аҟәша хазы игоу апунктқәа рыла ахарџьқәа реизҳара ахымԥадатәра шьақәгыланы иҟоуп», – ҳәа иазгәеиҭеит Денис Гәылариа.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Абҵарамза 30, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Кәыҵниа Алхас Алеқсеи-иԥа Урыстәылатәи Афедерациа иҟоу аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәаҩыс иҟаҵара азы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.  

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Абҵарамза 30, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба ахаша, абҵарамза 30 рзы имҩаԥысыз аминистрцәа Реилазаара аилатәара аҿы «Иҳәынҭқаратәым аҵарадырратә усура алицензиа аҭара азы» аԥҟара аиҭакрақәеи ацҵақәеи ралагалара азы ажәалагала ҟаиҵеит.  Ажәалагала амашьынарныҟәцаҩцәа автотранспорттә хархәагақәа рныҟәцара ахь рынашьҭра азы аҽазыҟаҵарақәа рхаҭабзиара аҩаӡара ашьҭыхра иазкуп.

Вальтер Быҭәба автошколқәа рахь иҟоу ахыдҵақәа рырӷәӷәара хымԥадатәуп ҳәа иԥхьаӡоит.  

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Абҵарамза 30, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла Анапхгара аҿы ахәыҷы иира азы асоциалтә шәатәқәа реизырҳара азы аӡбамҭа рыдыркылеит.

Ажьырныҳәамза 1, 2023 шықәса инаркны ахәыҷы иира аан, ани аби, ма руаӡәк аус иуазар, 22 000 мааҭ рҟынӡа инаӡо зныктәи аԥаратә цхыраагӡа роуеит, ахәыҷы иҭаацәа аус рымуазар, усҟан иарбоу аԥаратә цхыраагӡа   –  17 000 мааҭ рҟынӡа инаӡоит.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Абҵарамза 30, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара ашықәсҿыцтәи аныҳәақәа рзы Аԥсны иахьаҵанакуа амзаҵлақәеи аԥсаҵлақәеи рыԥҟареи, иара убас адац змам аԥсаҵлақәа Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи раагареи рзы ақәиҭымтәра алагалара азы Ақәҵара рыдыркылеит.

Абнатә нхамҩа азы аҳәынҭқарратә Усбарҭа, аекологиа азы аҳәынҭқарратә Еилакы, аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра агәырҵлақәа рыхьчара арӷәӷәареи, Иаку аҳәынҭқарратә абнатә фонд иахьаҵанакуа, апаркқәа, аскверқәа рҿы аԥсаҵлақәа хаҳәатәала аԥҟареи изакәанымкәа рыҭиреи рыԥхьырҟәҟәаареи рзы адҵа рыҭоуп.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Абҵарамза 30, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара «Аԥсны Аҳәынҭқарреи Шьамтәылатәи Арабтәи Ареспубликеи рыбжьара наҟ-ааҟ ахәаахәҭратә Хаҭарнакрақәа раартра азы Аиқәшаҳаҭра» анапаҵыҩра азы аиҿцәажәарақәа рымҩаԥгара азы Ақәҵара рыдыркылеит.

Аиқәшаҳаҭра апроект адгалара мҩаԥылгеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган.  

«Ахәаахәҭратә Хаҭарнакрақәа раартра Аԥсны Аҳәынҭқарреи Шьамтәылатәи Арабтәи Ареспубликеи хазхаҭалатәи ахаҿқәеи аиуристтә хаҿы змоуи рзинқәа акала иаԥырхаганы иҟалаӡом, уи аҩганк реизыҟазаашьақәа рыҿиара иазкхоит, ахәҭакахьала, ахәаахәҭра-економикатәии анаука-техникатәии  усеицура амҩаԥгара  иадҳәалоу аиқәшаҳаҭрақәа рыбжьаҵареи рынагӡареи иазкуп.  

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.