АЖӘАБЖЬҚӘА

30.Абҵара.2022

АВТОШКОЛҚӘА РҾЫ АМАШЬЫНАРНЫҞӘЦАҨЦӘА РАЗЫҞАҴАРА АЗЫ АХЫДҴАҚӘА РӶӘӶӘАХОИТ.

Аҟәа. Абҵарамза 30, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба ахаша, абҵарамза 30 рзы имҩаԥысыз аминистрцәа Реилазаара аилатәара аҿы «Иҳәынҭқаратәым аҵарадырратә усура алицензиа аҭара азы» аԥҟара аиҭакрақәеи ацҵақәеи ралагалара азы ажәалагала ҟаиҵеит.  Ажәалагала амашьынарныҟәцаҩцәа автотранспорттә хархәагақәа рныҟәцара ахь рынашьҭра азы аҽазыҟаҵарақәа рхаҭабзиара аҩаӡара ашьҭыхра иазкуп.

Вальтер Быҭәба автошколқәа рахь иҟоу ахыдҵақәа рырӷәӷәара хымԥадатәуп ҳәа иԥхьаӡоит.  

«Автошколқәа ирымазар ахәҭаны иҳаԥхьаӡоит аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ахаҭарнакцәа неир ахьалшо рхатәы, мамзаргьы ахархәаразы иаанкылоу автодромқәа. Иара убас аҽазыҟаҵарақәеи аԥышәарақәа рыҭиреи рыҩаӡара ашьҭыхра хымԥадатәиуп», - ҳәа иазгәеиҭеит аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр. 

Атәыла Анапхгара алахәылацәа иарбоу ажәалагалақәа ирықәшаҳаҭхеит.


Read 299 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.