Аҟәа. Абҵарамза 30, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Урытәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Дума Ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Сергеи Неверов дызлахәыз аиԥылара мҩаԥигеит.
Аиԥылара аҳәаақәа ирҭагӡаны ирылацәажәеит Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аҩ-ганктәи аусеицура иадҳәалаз азҵаатәқәа.
Аизыҟазаашьақәа рыҩаӡара ҳаракы азгәаҭаны, аҳәынҭқарра Ахада иаҵшьны иҳәеит, астратегиатә еидгылара арӷәӷәара иамоу аҵакы. «Ҳара аҵак ду аҳҭоит Аԥсны Апарламенти Аҳәынҭқарратә Думеи русеицура. Гәахәара дуа ҳацклаԥшуан Аԥсны аделегациа Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума аҭаара. Жәаҳәарада, ари ҳаиашьареи ҳаиҩызареи ртәы аҳәоит»,- ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.
Сергеи Неверов иганахьала аҳәынҭқарра Ахада иҭабуп ҳәа еиҳәеит иҟаиҵаз адкыларазы. Иара иазгәеиҭеит ҩ-ҳәынҭқаррак рыбжьара аиқәшаҳаҭра алыршара иазку еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент аус ацура аԥхьаҟагьы ишазхиоу.
Аиԥылара иалахәын Аԥсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба, Аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Аршба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин.