АЖӘАБЖЬҚӘА

30.Абҵара.2022

УРЫСТӘЫЛАТӘИ АФЕДЕРАЦИА АКАТАСТРОФАҚӘА РМЕДИЦИНА АЦЕНТРИ АԤСНЫ ИҶЫДОУ АҬАГЫЛАЗААШЬАҚӘА РМИНИСТРРЕИ АУСЕИЦУРА АЗЫ АИҚӘШАҲАҬРА РНАПЫ АҴАРЫҨУЕИТ.

Аҟәа. Абҵарамза 30, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рминистр Лев Кәыҵниа Москваҟа иусуратә ҭаара алҵшәақәа ртәы еиҭеиҳәеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Амедиацентр.

Аусуратә ҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Лев Кәыҵниа Урыстәылатәи Афедерациа иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аҟны иҟоу Аҳәынҭқарратә абылрацәыхьчаратә Академиа даҭааит. Араҟа аҵара рҵоит аԥснытәи акурсантцәа. Аминистр Академиа анапхгараҭара дрыҿцәажәеит, акурсантцәа рҵара амҩаԥысшьеи рыбзазаратә ҭагылазаашьақәеи дрызҵааит.

Иара убас Н.И. Пирогов ихьӡ зху Амилаҭтә медика-хирургиатә Центр амедицинатә катастрофақәа рзы Афедералтә Центр аплошьадка аҿы Лев Кәыҵниа акатастрофақәа рмедицина азы Афедералтә Центр анапхгараҭара дырԥылеит.  

Иарбоу аиԥылара иалҵшәаны аԥсабаратәии атехногентиәии аҟазшьа змоу иҷыдоу аҭагылазаашьақәа раан амедика-санитартә хҟьаԥҟьақәа рықәгара азҵаарақәа рыла аусеицуреи акатастрофақәа рмедицина азы Афедералтә Центр ала Аԥсны Аҳәынҭқарра акатастрофақәа рмедицина азы Амаҵзура аспециалистцәа аиҿкаара-методикатә цхыраара рыҭара азы Аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра алыршахоит.  ра Результатом данной встречи станет подписание соглашения о взаимодействии по вопросам ликвидации медико-санитарных последствий чрезвычайных ситуаций природного и техногенного характера, оказании ФЦМК организационно-методической помощи специалистам Службы медицины катастроф Республики Абхазия.


Read 337 times - Ахаша, 30 Абҵара 2022 22:07
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.