АЖӘАБЖЬҚӘА

02.Ԥхынҷкәын.2022

АСИДА ШЬАҞРЫЛ АПАРЛАМЕНТ АҾЫ АԤСНЫ АКОНСТИТУЦИА АНОРМАҚӘА РЕИЛАГАРА АЗЫ АЖӘАХӘ АҞАҴАРА ЛГӘЫ ИҬОУП.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 2, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчара азы Азинмчы змоу Асида Шьаҟрыл Жәлар Реизара-Апарламент аҿы ҳажәлар ртәылауаҩратә зинқәеи рхақәиҭрақәеи, уи адгьылҵакыра акзаареи, акьымсреи рзы хәдықәҵара зуа Аԥсны Аконституциа анормақәа реилагара азы ажәахә ҟаҵо дықәгылараны дыҟоуп.

Асида Шьаҟрыл «Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара Аԥсны иахьаҵанакуа иҟоу аобиект Урыстәылатәи Афедерациа ахатәрахь аиагареи уи ахархәара аҭагылазаашьақәеи рзы Аиқәшаҳаҭра» № 1095-  аратификациа азҵаара иалацәажәараны иахьыҟоу  Апарламент аилатәара ҟалаанӡа  иарбоу Аиқәшаҳаҭра иалҵуа ҳажәлар ртәылауаҩратә зинқәеи рхақәиҭрақәеи, уи адгьылҵакыра акзаареи, акьымсреи рзы хәдықәҵара зуа Аԥсны Аконституциа анормақәа реилагара азы Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу лажәахә аҟаҵаразы арыцхә ашьақәыргылара азы ашәҟәы Апарламент ахь  идәықәылҵеит.

Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу лышәҟәы атекст инагӡаны аԥхьара ҟалоит асаит https://ombudsmanra.org/press-tsentr/novosti/763/ аҟны    


Read 278 times - Ахәаша, 02 Ԥхынҷкәын 2022 13:21
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.