АЖӘАБЖЬҚӘА

02.Ԥхынҷкәын.2022

АҞӘА АҚАЛАҚЬ АХАДАРА АҴАРАДЫРРА АУСБАРҬА АҾЫ АШКОЛҚӘА РДИРЕКТОРЦӘА АҴАРАТӘ УСУРА АЗЫ РХАҬЫԤУАҨЦӘА АЛАРХӘНЫ АИЛАТӘАРА МҨАԤЫСИТ.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 2, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳҭнықалақь Ахадара аҵарадырра Аусбарҭа аиҳабы Асҭанда Ҭаркьыл аԥшьаша, ԥхынҷкәынмза  1 азы, ашколқәа рдиректорцәа аҵаратә усура азы рхаҭыԥуаҩцәа алархәны аусуратә еилтәаара мҩаԥылгеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҟәа ақалақь Ахадара аофициалтә саит.

Аилатәара аҿы азеиԥшҵараиурҭақәа рҵаратә ҟәша аиҳабацәа русура еиуеиԥшым аспектқәа, ирылацәажәеит, арҵаҩ ҿарацәа аус рыдулара азҵаара иазааҭгылеит.

Аилатәара амшхәаԥштә иалагалаз азҵаарақәа ириуоуп: аҵаратә программақәа рынагӡашьа агәаҭара; ажурнал ианууи атематикатә планҟаҵареи реишьашәалара агәаҭара; аконтрольтә усурақәа рнормақәа рынагӡара агәаҭара; 11-тәи аклассқәа рҵаҩцәа рыбжьара имҩаԥгаз агәаҭаратә усурақәа рылҵшәақәа реихшьаалақәа рыҟаҵара;  аҵаҩцәа рҭаара; азеиԥшҵараиурҭа русзуҩцәа рфинанстә даррақәа рыҩаӡара.


Read 269 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.