АЖӘАБЖЬҚӘА

30.Абҵара.2022

АМИНИСТРЦӘА РЕИЛАЗААРА 2022 ШЫҚӘСАЗЫ АТӘАНЧАҨРАТӘ ФОНД АБИУЏЬЕҬ АЗЫ АЗАКӘАН АИҬАКРАҚӘА РАЛАГАЛАРА ИАҚӘШАҲАҬХЕИТ.

Аҟәа. Абҵарамза 30, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара «2022 шықәсазы Аԥсны Атәанчаҩратә Фонд абиуџьеҭ азы» Азакәан аиҭакрақәа ралагалара иақәшаҳаҭхеит.

Аусшәҟәы адгалара мҩаԥигеит Афонд ахантәаҩы Денис Гәылариа.

«Аиҭакрақәа ралагалара афонд ахашәалахәқәеи ахарџьқәеи хазы игоу апараметрқәа ркорректировка ахымԥадатәра иадҳәалахеит», – ҳәа иҳәеит Денис Гәылариа.  

Аҟәша «Абиуџьетбжьаратәи аиҭаҵрақәа» ала аицҵалыҵ 140 млн. мааҭ рҟынтәи 160 млн. мааҭ рҟынӡа ашьҭыхра азы адгалара ҟаҵоуп.  Иарбоу 20 млн. мааҭ еиуеиԥшым акатегориақәа ирыҵанакуа атәанчаҩцәа ахәцҵақәа рызшәара ахь идәықәҵахоит.  

Иара убас 37 млн.  118 нызықь мааҭ рыла аҟәша «Асоциалтә политика» ала ахарџьқәа  рыцҵара азы адгалара ҟаҵоуп.

«2022 шықәса жәымз ирылагӡаны иахыԥхьаӡалоуи ииагоуи атәанчахәқәеи ахәцҵақәеи реицҵалыҵқәа, иара убас ишәамкәа иаанханы иҟаз атәанчхәқхеи ахәцҵақәеи реицҵалыҵ ашәареи  ранализ ишаҳнарбаз ала, иарбоу аҟәша хазы игоу апунктқәа рыла ахарџьқәа реизҳара ахымԥадатәра шьақәгыланы иҟоуп», – ҳәа иазгәеиҭеит Денис Гәылариа.

Азакәан апроект азакәантә инициатива асубиект иаҳасабала Аҳәынҭқарра Ахада иахь ахәаԥшразы идәықәҵахоит.  

Жәлар Реизара-Апарламент зыдгалара мҩаԥгоу аиҭакрақәа иақәшаҳаҭхар, абиуџьеҭ ихадоу апараметрқәа абас ала ишьақәгылоит:

Ахашәалахәқәа рзеиԥш еицҵалыҵ – 1 млрд 306 млн 16,2нызықь мааҭ.,

Ахарџьқәа рзеиԥш еицҵалыҵ – 1 млрд 323 млн 134,3 нызықь мааҭ.,

Абиуџьеҭ адефицит – 17 млн 118,1 нызықь мааҭ.

2022 шықәсазы Афонд абиуџьеҭ адефицит  афинанстәра ахыҵхырҭаны иҟоуп жьҭаарамза, 2022 шықәсазы иҟаз аԥаратә хархәагақәа рцәынха. Уи аицҵалыҵ 17 млн 118,1 нызықь мааҭи рҟынӡа инаӡоит.


Read 271 times - Ахаша, 30 Абҵара 2022 18:52
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.