АЖӘАБЖЬҚӘА

30.Абҵара.2022

АМИНИСТРЦӘА РЕИЛАЗААРА АИНФОРМАЦИАТӘ РЕСУРСҚӘЕИ АДЫРРАҚӘА РЕИЗАКҚӘЕИ РАԤҴАРА АЗЫ АХЫҚӘКЫТӘ ПРОГРАММА ШЬАҚӘНАРӶӘӶӘЕИТ.

Аҟәа. Абҵарамза 30, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аминистрцәа Реилазаара аинформациатә ресурсқәеи адыррақәа реизакқәеи раԥҵара азы ахылаԥшратә кыраамҭатәи ахықәкытә Программа шьақәнарӷәӷәеит.

Апрограмма адыррақәа аус рыдулара азы Аҳәынҭқарратә Центр аԥҵареи аинформациатә шәарҭадара азы аспециалистцәа разыҟаҵареи азԥхьагәанаҭоит. Апрограмма ахықәкы хадақәа иреиуоуп аҳәынҭқарратә информациатә  ресурсқәеи адыррақәа реизакқәеи реиқәыршәареи рыҵәахреи рхархәареи, иара убас рыхьчреи иазку Иаку асистема аԥҵара.

Апрограмма  ахықәкы хадақәа иреиуоуп:

- Адыррақәа аус рыдулара азы Аҳәынҭқарратә Центр анџьныртә, аинформациа-технологиатәи аексплуатациатәи аинфраструктура аԥҵара иазырхоу аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара;

- зымҽхак ҭбаау адыррақәа ранализ аҟаҵареи аинформациатә шәарҭадареи рганахьала аспециалистцәа разыҟаҵара;

- аҳәынҭқарратә дыррақәа рыхьчара азы аинформациатә шәарҭадара асистема аԥҵара;

-анапхгарабжьаратәи аусшәҟеикәыршареи аинформациа ала аимадареи рсистема аиӷьтәра.


Read 250 times - Ахаша, 30 Абҵара 2022 19:11
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.