Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз, ма хабарда ибжьаӡыз рҭаацәа, иара убас рмаҵуратә уалԥшьа анагӡараан иҭахаз, ма хабарда ибжьаӡыз рҭаацәа, ауаҩы иԥсҭазаара аиқәырхара азы Аԥсны атәылауаҩ иуалԥшьа анагӡараан иҭахаз, ма хабарда ибжьаӡыз рҭаацәа, иҟоу азакәанԥҵара инақәыршәаны, Аԥсны амазара, азинеиҿкаара, иара убас урҭ ираҟаратәу ахаҿқәеи рыхьчараан иҭахаз, ма хабарда ибжьаӡыз рҭаацәа.
Раԥхьаӡа иргыланы актәи агәыԥ аинвалидцәа, ахәыҷқәа-аинвалидцәа змоу аҭаацәа, зани заби зыԥхаз ахәыҷқәеи ахәыҷы рацәа змоу аҭаацәеи рҟынтәи арзаҳалқәа ирыхәаԥшуеит.
Апрограмма «Анхарҭаҭыԥ-2022» аҳәаақәа ирҭагӡаны иахәаԥшымкәа иаанхаз Аԥсны атәылауаа рҟынтәи 350 иреиҳаны азыҳәамҭақәа апрограмма ҿыц аҳәаақәа ирҭагӡаны иахәаԥшхоит.
Социалла ихьчам акатегориақәа ирыҵанакуа Аԥсны атәылауаа анхарҭаҭыԥ ала реиқәыршәара иазку Аҳәынҭқарратә Программа раԥхьаӡа акәны еиҿкаан 2018 шықәса азы. 2018 шықәса инаркны 2021 шықәсанӡа уи алахәылацәас иҟалеит 104-ҩык апретендентцәа, урҭ ирзоужьхеит 80 млн. мааҭ.