Аҟәа. Абҵарамза 30, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара аҿы 2022-2023 шш. ҭагалани аӡыни рзы аԥсыӡкра аамҭа азы аԥсыӡкранхамҩатә усура ахылаԥшра аҭара азы ауснагӡатәқәа рышьақәырӷәӷәара азы Ақәҵара рыдыркылеит.
Аԥсны ақыҭанхамҩа Аминистрра атәыла Анапхгара аҟынтәи 2022-2023 шш. ҭагалани аӡынреи рзы аԥсыӡкра аамҭа азы аԥсыӡкранхамҩатә усуразы аквотақәа разоужьра азы азин аҭоуп:
– Акамшьиа акреи аԥсыӡтә шыланы алагареи аԥсыӡшша алхреи иазку аусура назыгӡо аиуристтә хаҿы змоу Аилазаарақәа ааба (Аҳәаанырцәтәи аинвестициақәа рыла аус зуо Зҭакԥхықәра ҳәаақәҵоу Аилазаара «Хамса», Еилаху Анаплакы «Абхазморпром», Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «БлэкСииФиш», Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу аилазаара «Апсыдз Бат и Бек», Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара Еилаху Анаплакы «Сухумский рыбокомбинат плюс», Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара Еилаху Анаплакы «Сухумский рыбокомбинат», Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Сухумское рыболовецкое хозяйство», Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара Еилаху Анаплакы «Сухумское рыболовецкое хозяйство N1») (18 аԥсыӡкыгатә ӷбақәа зхы иазырхәо);
– Аԥсыӡкыгатә ӷбақәа ҩба рхархәарала аус зуа урыстәылатәи аԥсыӡкратә наплакқәа (урҭ рыцыԥхьаӡа рҭагӡара 240 регистратә тонн иреиҳамзароуп);
– Аԥсыӡкыгатә ӷбақәа 10 рхархәарала аҩныҵҟатәи аџьармыкьа иарбоу аалыҵ ала аиқәыршәара азы аԥсыӡкранхамҩатә усура назыгӡо (акамшьиа, аҵыхәшәыгә акра) Аԥсны аиуристә хаҿқәеи хазхаҭалатәи ахаҿқәеи аусдкылаҩцәеи.
2022-2023 шш. ҭагалани аӡыни раамҭахәҭа азы ааглыхратә аԥсыӡ (ҿыц ику, ирхьшәашәоу, ҿыц иршәу аԥсыӡ) азы азин ҟалаӡом. Уахь иаҵанакӡом урыстәылатәи аԥсыӡкратә наплакқәа рыла ааглыхратә ԥсыӡ (иршәу аԥсыӡ) експортла адәықәҵара.
Иара убас аиуристә хаҿқәеи хазхаҭалатәи ахаҿқәеи 2022-2023 шш. ҭагалани аӡыни раамҭахәҭа азы аҩныҵҟатәи аџьармыкьа аалыҵ ала аиқәыршәаразы аԥсыӡкратә усура аҳәаанырцәтәи аԥсыӡкыгатә ӷбақәа радыԥхьалара азы азин роуӡом.
Аекологиа азы аҳәынҭқарратә Еилакы 2022-2023 шш. ҭагалани аӡыни раамҭахәҭа азы адҵа амоуп:
а) аԥсыӡкра аамҭа азы аштаб аԥҵара;
б) аԥсыӡкранхамҩа иалаху аԥсыӡкыгатә ӷбақәа рзеиԥш хыԥхьаӡара ахылаԥшра аҭара;
в) Аӷбақәа рҿы акамшьиа аилыхреи иссоу аԥсыӡ амшын алажьреи азы ақәиҭымтәра алагалара, иарбоу аилагарақәа рышьақәыргылараан уи азы аматериалқәа Аԥсны ақыҭанхамҩа Аминистрра ахь адәықәҵара.
Иара убас азин ҟалом:
Амшынхықә ацәаҳәа аҟынтәи 500-метра иахьаҵанакуа аԥсыӡкыгатә ӷбақәа рыла рыла аԥсыӡкра азы азин ҟалаӡом;
Амшынхықә ацәаҳәа аҟынтәи амшынтә милиақәа хԥа (4828,03 метра) аҵкьыс иазааигәаны аԥсыӡкыга амаругақәа, араԥӷәратәи аԥсрытәи аҭыԥқәа рыӡәӡәара азы азин ҟалаӡом;
Аӡиасқәа Ԥсоу, Бзыԥ, Мҷышьҭа, Гәымсҭа, Киалашәыр, Кәыдры, Аалӡга, Егры аӡалаларҭақәа раԥхьа, иара убас унеир ахьыҟамло араионқәеи рҿы аԥсыӡкыгатә ӷбақәеи атранспорттә ӷбақәеи ргылара азы азин ҟалаӡом;