АЖӘАБЖЬҚӘА

30.Абҵара.2022

АԤСНИ ШЬАМТӘЫЛЕИ АҨГАНК РХӘААХӘҬРАТӘ ХАҬАРНАКРАҚӘА РААРТРА АЗЫ АИҾЦӘАЖӘАРАҚӘА МҨАԤЫРГАРАНЫ ИҞОУП.

Аҟәа. Абҵарамза 30, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара «Аԥсны Аҳәынҭқарреи Шьамтәылатәи Арабтәи Ареспубликеи рыбжьара наҟ-ааҟ ахәаахәҭратә Хаҭарнакрақәа раартра азы Аиқәшаҳаҭра» анапаҵыҩра азы аиҿцәажәарақәа рымҩаԥгара азы Ақәҵара рыдыркылеит.

Аиқәшаҳаҭра апроект адгалара мҩаԥылгеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган.  

«Ахәаахәҭратә Хаҭарнакрақәа раартра Аԥсны Аҳәынҭқарреи Шьамтәылатәи Арабтәи Ареспубликеи хазхаҭалатәи ахаҿқәеи аиуристтә хаҿы змоуи рзинқәа акала иаԥырхаганы иҟалаӡом, уи аҩганк реизыҟазаашьақәа рыҿиара иазкхоит, ахәҭакахьала, ахәаахәҭра-економикатәии анаука-техникатәии  усеицура амҩаԥгара  иадҳәалоу аиқәшаҳаҭрақәа рыбжьаҵареи рынагӡареи иазкуп.  

Ахәаахәҭратә Хаҭарнакрақәа хазхаҭалатәи ахаҿқәеи аирусттә хаҿқәеи рҭакԥхықәара анагӡара ахәҭаны иҟам, убасҵәҟьа хазхаҭалатәи ахаҿқәеи аиуристтә хаҿқәеи Ахәаахәҭратә Хаҭарнакрақәа рҭакԥхықәра анагӡара ахәҭаӡам», - ҳәа иазгәаҭоуп апроект аҿы.

Аганқәа реиқәшаҳаҭрала Ахәҳаахәҭратә Хаҭарнакрақәа рыҟәшақәа иахьыҟоу аҳәынҭқаррақәа егьырҭ ақалақьқәа рҿы иаартызарц алшоит.  


Read 259 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.