АЖӘАБЖЬҚӘА

29.Абҵара.2022

АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ АВТОИНСПЕКЦИА УАХГЬИ-ҼЫНГЬИ ИРӶӘӶӘОУ АРЕЖИМ АЛА АУСУРА АХЬ ИИАГАХОИТ.

Аҟәа. Абҵарамза 29, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҷкадуа амҩатә шәарҭадара иазкны аусуратә еилатәара мҩаԥигеит. Аминистрра аҟны имҩаԥысуаз аилатәара ахь ааԥхьара рыҭан  аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа атерриториалтә ҟәшеиҵақәа зегьы Аҳәынҭқарратә автоинспекциа аҟәшақәа рнапхгаҩцәа.

Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра асаит аҿы иҟоу адыррақәа рыла, аполковник Беслан Ҷкадуа иҳаҩсыз аԥшьарамшқәа раан аҭыԥ змаз амҩатә-транспорттә хҭысқәа рызҵаара дазааҭгылеит.  Амҩақәа рҿы амашәыртә хҭысқәа рыҟалара иадҳәалоу аҭагылазаашьа  азы адырра ҟаиҵеит аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҳәынҭқарратә автоинспекциа Аусбарҭа анапхгаҩы Баҭал Агрба.

«Ҳазҭоу ашықәс азы аҳәынҭқарратә автоинспекциа аусура арӷәӷәареи амҩатә-транспорттә хҭысқәа рыпрофилактика иҳараку арбагақәеи шыҟоугьы, Аҳәынҭқарратә автоинспекциа аусура еиҳаны аусура арӷәӷәара ахымԥадатәны иҟалеит», - ҳәа иазгәеиҭеит Беслан Ҷкадуа.

Аминистр ихаҭыԥуаҩ ишазгәеиҭаз ала, раԥхьаӡа иргыланы, амҩатә ԥҟарақәа реилагара иацуп авариашәарҭаратә хҟьаԥҟьақәа, уи амашьына арццакра мыцхәы аизырҳара, ижәны, ма арҩышьыгатә маҭәашьар рыдкыланы амашьына аԥсҟы акра ауп.

 

Аҳәынҭқарратә автоинспекциа  аҟәшақәа рнапхгаҩцәа напхгара зырҭо аҟәшеиҵақәа  русура атәы еиҭарҳәеит, иара убас ауадаҩрақәа зцу азҵаарақәа ирылацәажәеит.

Беслан Ҷкадуа, аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра атәыла анаԥхгара ахь ахәаԥшразы амҩатә шәарҭадара аганахьала амҩатә ԥҟарақәа реилагаразы аҭакԥхықәра арӷәӷәара азԥхьагәазҭо азакәанԥҵаратә актқәа аиҭакрақәа ралагалара азы апроектқәа дәықәнаҵахьеит ҳәа адыррақәа ҟаиҵеит.

Беслан Ҷкадуа, Аҳәынҭқарратә автоинспекциа аинспекторцәа русура арӷәӷәареи амҩатә ԥҟарақәа реилагареи рзы ахьырхәратә уснагӡатәқәа реизырҳареи  – амҩатә машәыр хҭысқәа  рыԥхьырҟәҟәара ашьаҭақәа роуп ҳәа иазгәеиҭеит.

Аилатәара аихшьаалақәа рыла, Беслан Ҷкадуа Аҳәынҭқарратә автоинспекциа амаҵзурақәа зегьы  уахгьы-ҽынгьы ирӷәӷәоу арежим ала аусура азы адҵа риҭеит. дал распоряжение службам ГАИ внепланово перейти на усиленный круглосуточный режим работы.


Read 318 times - Аҩаша, 29 Абҵара 2022 21:07
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.