Items filtered by date: Ахәаша, 18 Абҵара 2022

Аҟәа. Абҵарамза 18, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ахәаахәҭратә Хаҭарнак Залина Кобесова дылԥылеит. Аиԥылара аҿы ирылацәажәеит ҳтәылақәа рыбжьара ақыҭанхамҩатә аалыҵ ахәаахәҭратә еикәыршара аизырҳара аҳасабала ахәаахәҭра-економикатә еимадарақәа рырҿиара азҵаарақәа ирылацәажәеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аминистрцәа Реилазаара аофициалтә саит.

Беслан Џьопуа ацитрустә шәырқәеи ацхеи ареспублика иалганы урыстәылатәи аџьармыкьа ахь ацәыргара еиԥш иҟоу ақыҭанхамҩатә аалыҵ аекспорт аҿиара хадара злоу егьырҭ ахырхарҭақәа аликааит.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Абҵарамза 18, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба ахәаша, абҵара 18 рзы диԥылеит ҳтәылаҿ иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин.

Аганқәа алацәажәеит аԥсуа-аурыс еизыҟазаашьақәа рызҵаатәқәа.

Ҩ-тәылауаҩрак раиура азҵаарақәа рзы Аиқәшаҳаҭра аратификациаз нап аркуп, амч аиуеит аратификациатә шәҟәқәа анеимырда амш инаркны.

Атәылақәа рыбжьара ахәҳаахәҭра-аекономикатәи, агуманитартәи, аполитикатәи еимадарақәа рзы иахәаԥшын "Аԥсны-Урыстәыла-Белоруссиа" х-ганктәи аформат ала аиҿкааратә механизм аԥҵара азҵаара. Ари азҵаараз аусурақәа ирыцҵоуп.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Абҵарамза 18, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадаразы Амаҵзура  Аҳәаахьчаратә отриад анапхгараҭареи хаҭалатәи аилазаареи аветеранцәеи Аҳәаахьчаратә отриад аԥҵара Амш 30- мшы ахыҵра рыдиныҳәалеит.

«Аҳәынҭқарратә ҳәаа ахьчара азы амчқәа раԥҵара азы аӡбамҭа акыр иуадаҩыз аамҭа –1992-1993шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра анцоз ирыдыркылеит. 

Аҳәаахьчаратә маҵзура хадара злоу аусхкы аҿы иаку аҳәынҭқарратә политика назыгӡо  атәыла ашәарҭадара аиқәыршәара иазку асистема иаҵанакуеит.

Раԥхьа игылоу ахыдҵақәа рыӡбаразы ирыду аҭакԥхықәра еилкааны, аԥснытәи аҳәаахьчаҩцәа есымша ламысцқьала рмаҵуратә уалԥшьа нарыгӡон. Убас акәын ишыҟазгьы иуадаҩыз аибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа раан. Усҟан Гал араион аҿы лассы-ласы Аҳәынҭқарратә ҳәаа ахьчаразы абжьааԥны аҳәаахьчаҩцәа рыԥсҭазаара акыр ашәарҭара иҭазыргылоз иҷыдоу аҭагылазаашьақәа шьақәгылон. Агәра ганы сыҟоуп ҳаԥхьаҟагьы аҳәаахьчаҩцәа ишахәҭоу ала руалԥшьа шынарыгӡало.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Абҵарамза 18, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура Аҳәаахьчаратә Усбарҭа аԥҵара Амш 30-шықәса ахыҵра азгәарҭоит.

Аԥсны аҳәаахьчаратә архәҭақәа Аԥсны Адҵаҟаҵаҩ Хада Владислав Арӡынба иҭижьыз Аусԥҟа ала иаԥҵахеит абҵарамза 20, 1992 шықәса рзы.  Зеилазаара 120-ҩык асолдаҭцәеи 30-ҩык офицарцәеи рыла ишьақәгылаз аотриад Ԥсоу аӡиас ала инагоу Аҳәынҭқарратә ҳәаа ахьчара рыдҵан.  

Аҳәаахьчаратә Усбарҭа аԥҵара амш 30- шықәса ахыҵра иубилеитә рыцхә азгәаҭара иазку аныҳәатә усмҩаԥгатә Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы афырхацәа Рмемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵарала иалагеит. Уи рхы аладырхәит Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы Роберт Киут, Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ, Аҳәаахьчаратә отриад анапхгаҩы Рустам Латипов, аҳәаахьчаратә маҵзура аветеранцәа, аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аусзуҩцәа.  

Анаҩс аҳәаахьчаратә отриад аныҳәатә цәаҳәақәгылара мҩаԥысит. Аусмҩаԥгатә ихы алаирхәит Аԥсны Адҵаҟаҵаҩ Хада, Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.

Аныҳәатә усмҩаԥгатә иацҵахеит В. Г. Арӡынба ихьӡ зху рратә Ахьӡ-Аԥша амузеи аизарақәа рзал аҿы. Араҟа аныҳәа инамаданы аекспозициа аартын.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Абҵарамза 18, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны акультура аминистр Даур Ақаҩба Аҟәа араион Ешыра ақыҭан  амонументалтә ҟазара азы Акомиссиа анҭыҵтәи аусуратә еилатәара мҩаԥигеит. Уи 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз Ешыра ақыҭа иалҵыз аибашьцәа-фырхацәа рмемориалтә Комплекс аргылареи уи иахьаҵанакуа аиқәыршәазаара амҩаԥгареи  ирыдҳәалоу азҵаарақәа ирызкын.  

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Абҵарамза 18, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Апарламент VI ааԥхьара (2017 – 2022шш.)  12-ҩык адепутатцәа аексперттә фонд «Аамҭа» аԥырҵеит. Уи напхгара алҭоит абиуџьети акредиттә еиҿкаарақәеи ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы апарламенттә Еилакы ԥыхьатәи ахантәаҩы Натали Смыр. Абри азы абҵарамза 17 рзы Аԥсны амассатә информациа ахархәагақәа русзуҩцәа Рассоциациа (АРСМИРА) аҿы имҩасыз апресс-конференциа аҿы  адырра ҟалҵеит Натали Смыр.

«Уажәы иаԥҵоу аексперттә Фонд «Аамҭа» (ЭФА)  иалоуп Апарламент VI ааԥхьара  12-ҩык  адепутатцәа. Урҭ реилазаараҿы иҟоуп Апарламент ԥыхьатәи Аиҳабы Валери Кәарҷиа, иара убас быжьҩык апарламенттә Еилакқәа ԥыхьатәи ахантәаҩцәа.

Ҳара ҳгәаанагарала, хәы-шықәса рыла азакәанԥҵара анагӡара иазку азакәанԥҵаратә усура аҿы иҳауз аԥышәа ахархәара ҳҭакԥхықәраны иҳаԥхьаӡоит», - ҳәа илҳәеит Натали Смыр. 

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Абҵарамза 18, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иҟаиҵаз адҵа инақәыршәаны, апрокурор хада актәи ихаҭыԥуаҩ Дамир Кәыҵниа азинхьчаратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа алархәны инарҭбаау аилатәара мҩаԥигеит.

Аилатәара аҿы абҵарамза 16 рзы ауаажәларратә Еиҿкаара «Аԥсуа жәлар реиҿкаара» ахантәаҩы Адгәыр Арӡынбеи Жәлар Реизара-Апарламент ԥыхьатәи адепутат Гарри Кокаиеи Аԥсны амассатә информациа ахархәагақәа русзуҩцәа Рассоциациа (АРСМИРА) аҿы имҩаԥыргаз апресс-конференциа аҿы ицәырыргаз аусшәҟәқәа рыхкьыԥхьлақәа рыҵабыргра аилкаара иазкны еицымҩаԥгахо  аусмҩаԥгатәқәа ралкаара мҩаԥысит.   

Иарбоу ауаа зыдгалара мҩаԥыргаз аусшәҟәқәа –ахарџьырҵа ахкьыԥхьла инақәыршәаны, звольҳараку афымцацәаҳәа «Аҽгәара» шьаҭанкыла аиҭашьақәыргылара азы иаахәаз ихымԥадатәиу амаҭәахә ахәԥса ирмыцхәны еизырҳаны иарбан.

Иарбоу агәаҭара амҩаԥысшьа азы иназыцҵоу аинформациа ҟалоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны апрокуратура Хада аофициалтә саит.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Сухум. 18 ноября 2022. Апсныпресс. В соответствии с поручением президента Аслана Бжания, первый  заместитель  генпрокурора  Дамир   Квициния провел расширенное совещание с руководителями  правоохранительных органов.

Икьыԥхьуп Новости

Аҟәа. Абҵарамза 18, 2022 шықәса.  Аԥсныпресс.  Аҟәа ақалақь Апрокуратура атәылауаҩ Владимир Ефрем-иԥа Акопиан иганахьала Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ  320  ахәҭа 1 инақәыршәаны, аусеилыргара хацнаркит.

Аԥсны апрокуратура Хада асаит иҟанаҵо адыррақәа рыла, абҵарамза 15, 12 сааҭи 30 минуҭи рзы, Аҟәа ақалақь, Акырҭаа имҩа, аҩны №26 азааигәара, Владимир Акопиан апрофилактикатә реидтә усмҩаԥгатәқәа ирылахәыз Амҩа-ԥыԥшырҭатә Маҵзура арота аинспектор, амилициа алеитенант  еиҳабы Гәыниа А.Р иҟаиҵаз азакәантә дҵа дазымӡырҩӡеит, уимоу дагьиҿасит. Гәыниа А.Р Ареспубликатә хәышәтәырҭа ахь днаган, араҟа уи аҳақьымцәа дангәарҭа ашьҭахь изықәдыргылеит адиагноз – иарку аԥынҵаҭаԥҵәара.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.