АЖӘАБЖЬҚӘА

18.Абҵара.2022

АЗИНХЬЧАРАТӘ УСБАРҬАҚӘА АДГӘЫР АРӠЫНБЕИ ГАРРИ КОКАИЕИ ИЦӘЫРЫРГАЗ АУСШӘҞӘҚӘА РЫХКЬЫԤХЬЛАҚӘА РЫҴАБЫРГРА АГӘАҬАРА МҨАԤЫРГОИТ.

Аҟәа. Абҵарамза 18, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иҟаиҵаз адҵа инақәыршәаны, апрокурор хада актәи ихаҭыԥуаҩ Дамир Кәыҵниа азинхьчаратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа алархәны инарҭбаау аилатәара мҩаԥигеит.

Аилатәара аҿы абҵарамза 16 рзы ауаажәларратә Еиҿкаара «Аԥсуа жәлар реиҿкаара» ахантәаҩы Адгәыр Арӡынбеи Жәлар Реизара-Апарламент ԥыхьатәи адепутат Гарри Кокаиеи Аԥсны амассатә информациа ахархәагақәа русзуҩцәа Рассоциациа (АРСМИРА) аҿы имҩаԥыргаз апресс-конференциа аҿы ицәырыргаз аусшәҟәқәа рыхкьыԥхьлақәа рыҵабыргра аилкаара иазкны еицымҩаԥгахо  аусмҩаԥгатәқәа ралкаара мҩаԥысит.   

Иарбоу ауаа зыдгалара мҩаԥыргаз аусшәҟәқәа –ахарџьырҵа ахкьыԥхьла инақәыршәаны, звольҳараку афымцацәаҳәа «Аҽгәара» шьаҭанкыла аиҭашьақәыргылара азы иаахәаз ихымԥадатәиу амаҭәахә ахәԥса ирмыцхәны еизырҳаны иарбан.

Иарбоу агәаҭара амҩаԥысшьа азы иназыцҵоу аинформациа ҟалоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны апрокуратура Хада аофициалтә саит.

Абҵарамза 16 рзы  Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа амчратә еилазаарақәа рнапхгаҩцәа алархәны аусуратә еилацәажәара мҩаԥигеит. Аилатәараҟны ирылацәажәеит асоциалтә каҭақәа рыҟны ицәырҵыз афымцамчтә усхк аҟны аԥара аӷьычра ыҟоушәа зҳәо адокументқәа рыхкьыԥхьлақәа.  

Аҳәынҭқарра Ахада амчратә усбарҭақәа рнапы ианиҵеит атәылауаа жәпакы рҳәамҭақәа рыла, звольҳараку афымцацәаҳәа «Аҽгәара» шьаҭанкыла аиҭашьақәыргылара азы иаахәаз ихымԥадатәиу амаҭәахә 70 позициацыԥхьаӡа рыла ахәқәа ирыцҵаны иахьарбоу адокумент ахкьыԥхьла ахаҭареи аҵабырг иахьынӡақәшәои ргәаҭаразы иацклаԥшны иҭырҵаарц.

Аҳәынҭқарра Ахада иалкааны агәаҭареи аҳасабырба аҟаҵареи рзы 15 мшы аҿҳәара аиҭеит.


Read 275 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.