Аҟәа. Абҵарамза 18, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь Апрокуратура атәылауаҩ Владимир Ефрем-иԥа Акопиан иганахьала Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 320 ахәҭа 1 инақәыршәаны, аусеилыргара хацнаркит.
Аԥсны апрокуратура Хада асаит иҟанаҵо адыррақәа рыла, абҵарамза 15, 12 сааҭи 30 минуҭи рзы, Аҟәа ақалақь, Акырҭаа имҩа, аҩны №26 азааигәара, Владимир Акопиан апрофилактикатә реидтә усмҩаԥгатәқәа ирылахәыз Амҩа-ԥыԥшырҭатә Маҵзура арота аинспектор, амилициа алеитенант еиҳабы Гәыниа А.Р иҟаиҵаз азакәантә дҵа дазымӡырҩӡеит, уимоу дагьиҿасит. Гәыниа А.Р Ареспубликатә хәышәтәырҭа ахь днаган, араҟа уи аҳақьымцәа дангәарҭа ашьҭахь изықәдыргылеит адиагноз – иарку аԥынҵаҭаԥҵәара.
Абҵарамза 16, 2022 шықәса рзы Акопиан В.Е. даанкылан, уи Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аусеилыргаанӡатәи аамҭалатәи аԥхьакырҭа ахь днагоуп.
Аамҭа кьаҿ иалагӡаны заанаҵтәи аусеилыргара аусбарҭа ала Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа ахь Акопиан Владимир Ефрем-иԥа ихьырхәра аҳасабала аҭакра изалхра азы азыҳәамҭа дәықәҵахоит.