АЖӘАБЖЬҚӘА

18.Абҵара.2022

БЕСЛАН ЏЬОПУА УРЫСТӘЫЛАТӘИ АХӘААХӘҬРАТӘ ХАҬАРНАК ДЛЫҾЦӘАЖӘО АҚЫҬАНХАМҨА ААЛЫҴ АХӘААХӘҬРАТӘ ЕИКӘЫРШАРА АЗҴААРАҚӘА ДРЫЛАЦӘАЖӘЕИТ.

Аҟәа. Абҵарамза 18, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ахәаахәҭратә Хаҭарнак Залина Кобесова дылԥылеит. Аиԥылара аҿы ирылацәажәеит ҳтәылақәа рыбжьара ақыҭанхамҩатә аалыҵ ахәаахәҭратә еикәыршара аизырҳара аҳасабала ахәаахәҭра-економикатә еимадарақәа рырҿиара азҵаарақәа ирылацәажәеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аминистрцәа Реилазаара аофициалтә саит.

Беслан Џьопуа ацитрустә шәырқәеи ацхеи ареспублика иалганы урыстәылатәи аџьармыкьа ахь ацәыргара еиԥш иҟоу ақыҭанхамҩатә аалыҵ аекспорт аҿиара хадара злоу егьырҭ ахырхарҭақәа аликааит.

Аганқәа ахәаахәҭратә еикәыршара аизырҳареи уи азы иманшәалоу аҭагылазаашьақә раԥҵареи рзы аусеицура абжьаҵара аганахьала еиқәшаҳаҭхеит.

Беслан Џьопуа иара убас Аԥсны Анапхгара ааглыхреи егьырҭ аусхкқәагьы рыҿиара азы апроектқәа реицынагӡара иазҿлымҳауп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.

 

Источник: https://apsnypress.info/ru/novosti/item/2454-beslan-dzhopua-obsudil-s-rossijskim-torgpredom-voprosy-narashchivaniya-torgovogo-oborota-selkhozproduktov.

© АПСНЫПРЕСС.


Read 351 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.