Аҟәа. Абҵарамза 18, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадаразы Амаҵзура Аҳәаахьчаратә отриад анапхгараҭареи хаҭалатәи аилазаареи аветеранцәеи Аҳәаахьчаратә отриад аԥҵара Амш 30- мшы ахыҵра рыдиныҳәалеит.
«Аҳәынҭқарратә ҳәаа ахьчара азы амчқәа раԥҵара азы аӡбамҭа акыр иуадаҩыз аамҭа –1992-1993шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра анцоз ирыдыркылеит.
Аҳәаахьчаратә маҵзура хадара злоу аусхкы аҿы иаку аҳәынҭқарратә политика назыгӡо атәыла ашәарҭадара аиқәыршәара иазку асистема иаҵанакуеит.
Раԥхьа игылоу ахыдҵақәа рыӡбаразы ирыду аҭакԥхықәра еилкааны, аԥснытәи аҳәаахьчаҩцәа есымша ламысцқьала рмаҵуратә уалԥшьа нарыгӡон. Убас акәын ишыҟазгьы иуадаҩыз аибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа раан. Усҟан Гал араион аҿы лассы-ласы Аҳәынҭқарратә ҳәаа ахьчаразы абжьааԥны аҳәаахьчаҩцәа рыԥсҭазаара акыр ашәарҭара иҭазыргылоз иҷыдоу аҭагылазаашьақәа шьақәгылон. Агәра ганы сыҟоуп ҳаԥхьаҟагьы аҳәаахьчаҩцәа ишахәҭоу ала руалԥшьа шынарыгӡало.
Ҳара ҳҳәаахьчаратә отриад аусура аҟазшьа аҿы зҽазаԥсахыз рацәоуп, иҿыцу акадрқәа еиҵагылеит, Урыстәылатәи Афедерациа аҵараиурҭақәа рҿы иҷыдоу аҵарадырра заузгьы уахь иналаҵаны.
Иахьа аҳәаахьчаҩцәа акыр еиӷьны аҳәынҭқарра аҟынтәи ацхыраара роуеит – амаҵзура аҭагылазаашьақәа рҽырыԥсахит, афинанстәрагьы еиӷьхеит. Атәыла анапхгара аринахысгьы Аҳәаахьчаратә отриад аматериал-техникатә базеи акадртә потенциали рырӷәӷәара азы иалшо зегьы ҟанаҵалоит», - ҳәа иазгәаҭоуп адныҳәаларатә цҳамҭа аҿы.
Алеқсандр Анқәаб аҳәаахьчаҩцәа агәабзиара, аизҳазыӷьара, рмаҵураҿы ақәҿиарақәа, рзеиӷьаишьеит.