АЖӘАБЖЬҚӘА

18.Абҵара.2022

АԤСНЫ АҲӘААХЬЧАҨЦӘА РЗАНААҬТӘ НЫҲӘА АЗГӘАРҬОИТ.

Аҟәа. Абҵарамза 18, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура Аҳәаахьчаратә Усбарҭа аԥҵара Амш 30-шықәса ахыҵра азгәарҭоит.

Аԥсны аҳәаахьчаратә архәҭақәа Аԥсны Адҵаҟаҵаҩ Хада Владислав Арӡынба иҭижьыз Аусԥҟа ала иаԥҵахеит абҵарамза 20, 1992 шықәса рзы.  Зеилазаара 120-ҩык асолдаҭцәеи 30-ҩык офицарцәеи рыла ишьақәгылаз аотриад Ԥсоу аӡиас ала инагоу Аҳәынҭқарратә ҳәаа ахьчара рыдҵан.  

Аҳәаахьчаратә Усбарҭа аԥҵара амш 30- шықәса ахыҵра иубилеитә рыцхә азгәаҭара иазку аныҳәатә усмҩаԥгатә Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы афырхацәа Рмемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵарала иалагеит. Уи рхы аладырхәит Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы Роберт Киут, Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ, Аҳәаахьчаратә отриад анапхгаҩы Рустам Латипов, аҳәаахьчаратә маҵзура аветеранцәа, аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аусзуҩцәа.  

Анаҩс аҳәаахьчаратә отриад аныҳәатә цәаҳәақәгылара мҩаԥысит. Аусмҩаԥгатә ихы алаирхәит Аԥсны Адҵаҟаҵаҩ Хада, Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.

Аныҳәатә усмҩаԥгатә иацҵахеит В. Г. Арӡынба ихьӡ зху рратә Ахьӡ-Аԥша амузеи аизарақәа рзал аҿы. Араҟа аныҳәа инамаданы аекспозициа аартын.

«Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьраан иаԥҵаз аҳәаахьчаратә отриад акыр иуадаҩыз аҿиара амҩа ианысит. Аҳәаахьчаҩцәа ирыбзоураны ҳ-Аԥсадгьыл ахьчара аганахьала иҟаҵаз рацәан. Ииашоуп, рмаҵуратә уалԥшьа анагӡараан иҭахазгьы маҷӡам. Агәра ганы сыҟоуп еиҵагыло аҿыр  реиҳабацәа  хьӡыла инарыгӡоз атрадициақәа ишацырҵо, гәадурала рыԥсадгьыл аҳәақәа рыхьчара иадҳәалоу руалԥшьа шынарыгӡало», – ҳәа иажәахә аҿы иазгәеиҭеит Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы Роберт Киут.

Аҳәаахьчаратә Усбарҭа аветеранцәеи аусзуҩцәеи иара убас ирыдныҳәалеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, ааԥхьара зауз ԥхьатәара иҟоу афицарцәа.

Аҳәаахьчаратә Усбарҭа зҽалызкааз аусзуҩцәа гәыԥҩык «Ареспублика Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳәаа ахьчараҿы  иааирԥшыз аҭакԥхықәра азы» амедал ранашьахеит.

Аҳәынҭқарратә ҳмҭақәа рыҭара ацеремониа ашьҭахь иалагеит аныҳәатә концерт.

 

 


Read 313 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.