АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 6:26

Аҟәа араион ахада Алхас Ҷыҭанаа Аԥсуа телехәаԥшра апресс-центр аҿы далацәажәеит Аҟәа араион ақыҭақәа ирымоу ауадаҩрақәа ртәы

Ҷыҭанаа иажәақәа рыла, араион азы еиҳа иҵару атемақәа ируакны иаанхоит ауааԥсыра ӡыржәтәла реиқәыршәара. 2020 шықәса инаркны 2023 шықәсанӡа аҭыԥантәи абиуџьет ахарџь ала аӡыҭгагатә станциа ргылан Ешыра ақыҭан, ишьҭаҵан аӡымҩангага, уи иалнаршеит ауааԥсыра ӡыла реиқәыршәара. Ахадара ақәгәыӷуеит араионтә маҵзурақәа рымчала аԥхынтәи асезон ашыкьымҭа аҟынӡа ауадаҩрақәа аԥырхып ҳәа. Аха араион макьанагьы ақалақьтә коммуникациақәа акыр ирхьыԥшуп.

«Иахьа араион 60% рҟынӡа ӡыла еиқәнаршәоит Аҟәатәи «Аӡыканал». Даара иҭабуп ҳәа расҳәоит ҳколлегацәа, урҭ дара рызҵаарақәа инаваргыланы ҳара ҳтәқәагьы рыӡбоит», - ҳәа азгәеиҭеит ахадара аиҳабы.

Ауадаҩра шьаҭанкыла аԥыхразы араион иаҭахуп аӡыҭгагатә станциа дуқәа , урҭ рыхәԥса жәамиллион мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵала ахәԥса инықәырԥшшәа ишьақәыргылоуп, аха апроект анагӡара алацәажәара макьана изаацәоуп иахәҭоу аԥаразоужьра аҟамзаара иахҟьаны.


Read 74 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.