АЖӘАБЖЬҚӘА

12.Рашәара.2026

Аҟәа араион аҿы ахадареи ақыҭанхамҩа аминистрреи еицымҩаԥырго апрограммақәа рынагӡараан 75-80 проект рҟынӡа шьақәырӷәӷәан

Абри атәы иҳәеит Аҟәа араион ахада Алхас Ҷыҭанаа аԥсуа телехәаԥшра апресс-центр аҿы. Иара далацәажәеит аграртә сектор адгылареи ақыҭақәа рыҿиареи рзы ауснагӡатәқәа ртәы.

Ишьақәдырӷәӷәаз апроектқәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп иарку ацикл змоу аԥсыӡааӡаратә нхамҩақәа ҩба раԥҵара, урҭ раалыҵ азҿлымҳара ду амоуп.

«Напыла иаадрыхуа аалыҵ ахәԥса хымԥада акыр иазҳауеит. Убри азы ауаа аҭаацәаратә фермертә нхамҩа маҷқәа амеханизациа маҷ ахархәагақәа рыла реиқәыршәаразы азыҳәа ду рымоуп», – ҳәа ҳаилиркааит Ҷыҭанаа.

Ареспубликатә программақәа рыдагьы араион ахадара 2021 шықәса раахыс есышықәса агра-ааглыхратә комплекс адгыларазы аҭыԥантәи абиуџьет иаларҵоит х-миллион мааҭк. Амуниципалтә программаҿы ахшыҩзышьҭра аҭоуп акыршықәсатәи акультурақәа реиҭашьақәыргылара.

Араион ахада иргәалаиршәеит Аҟәа араион аҿы ацитрусааӡаратә нхамҩа дуқәа хәба аус шыруаз. Иаҳҳәап, Ленин ихьӡ зхыз асовнхара Асовет аамҭазы 1000 тонна рҟынӡа аҽаҩра ҭанагалон, иахьатәи аамаҭазы акәзар араион зегьы ахатәы секторқәагьы налаҵаны арҭ арбагақәа рҟынӡа изынаӡом.

Хәышықәса рыҩнуҵҟа араион аҿы иалыршахеит ақыҭанхамҩатә еикәыршарахь 30 гектар инареиҳаны игәыгәҭажьыз аплантациақәа рырхынҳәра. Ус шакәугьы аусхк аҿиара аанкылахоит араион аҩаӡараҿы иузымыӡбо асистематә факторқәа рыла. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы Ҷыҭанаа иаликааит Краснодартәи атәылаҿацә аграртә регион ду азааигәара иахҟьаны аиндаҭлара ӷәӷәа.

«Ара аалыҵ аҭыжьра ианалага инаркны уи анырҭиуа аҟынӡа араион аҩаӡараҿы иузымыӡбо азҵаарақәа рацәоуп. Урҭ ҳәынҭқарратә уснагӡатәқәоуп. Ҳара ҳаззааҭгылаша ахыԥхьаӡара акәӡам, ахаҭабзиара ауп», – ҳәа иажәа хыркәшо иҳәеит Аҟәа араион ахада.


Read 392 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.