АЖӘАБЖЬҚӘА

12.Рашәара.2026

Аҟәа араион ахатәы хашәалахәқәа реизгаразы арбага бзиақәа аанарԥшуеит

Абри атәы иҳәеит Аҟәа араион ахада Алхас Ҷыҭанаа аԥсуа телехәаԥшра апресс-центр аҿы.

Абиуџьет ахашәалахәы уажәтәи аплан инақәыршәаны иамоуп абарҭ арбагақәа: 148 млн мааҭ – аҭыԥантәи анаплакқәа ирыбзоураны ишьақәгыло араион ахатәы хашәалахәы, 105 млн мааҭ – ареспубликатә биуџьет аҟынтәи адотациақәеи асубсидиақәеи. Ҷыҭанаа иазгәеиҭеит ҳазҭоу ашықәс актәи аквартал азы ахатәы хашәалахәы 27 млн мааҭ рыла аплан инахыҳәҳәо ишынагӡаз.

Аха ахада иажәақәа рыла, араион ареспубликатә биуџьет аҟынтәи иахьынӡахәҭаз аԥаразоужьра амоуит.

«Ареспубликатә биуџьет аганахьала актәи аквартал азы иазгәаҭаз арбагақәа рҟынтәи 30% роуп иазоужьыз», - иҳәеит Аҟәа араион ахада.


Read 381 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.