«Аахыҵ Кавкази Амшынеиқәатә макрорегиони рҟны Агеополитикатә процессқәа: аҭоурыхи иахьатәи аамҭеи» атемала имҩаԥысуаз астол гьежь рхы аладырхәит аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа, Жәлар Реизара адепутатцәа, аҭҵаарадырратәи аексперттәи еилазаара, ауаажәларратә еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа, иара убас 7-тәи Урыстәылатәи арратә база аррамаҵзурауаа.
Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц иажәахә уажәтәи жәларбжьаратәии арегионалтәии ҭагылазаашьа иазкны, уи иазгәеиҭеит аглобалтә геополитикатә процессқәа арегион аҿы анырра ӷәӷәа шыҟарҵо ҳәа аанацҳауеит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.
Ҷыдала дырзааҭгылеит Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа, Қырҭтәыла апозициа акритика азиуит.
Барцыц инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсни Қырҭтәылеи рыбжьара амч ахамырхәаразы зинла ишьақәырӷәӷәо аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра шхымԥадатәиу, иара убас узықәгәыӷша жәларбжьаратәи ашәарҭадаратә хәды́қәҵара шаԥҵатәу.
Аминистр иара убасгьы инаҵшьны иазгәеиҭеит Урыстәыла стратегиатә дгылаҩык аҳасабала иааннакыло аҭыԥ хада, уи аус ацура иаҵанакуеит хыԥхьаӡара рацәала ахырхарҭақәа: адәныҟатәи аполитика амҩақәҵара, ашәарҭадара аиҿкаара, асоциал-економикатә ҿиара, агуманитартә усеицура, аҵареи, агәабзиарахьчареи, акультуратәи еимадарақәа.
Олег Барцыц далацәажәеит Шьамтәылеи, Венесуелеи, Никарагуеи Аԥсни реизыҟазаашьақәа рырӷәӷәаразы аминистрра имҩаԥнаго аҽазышәарақәа ртәы, иара убас Алада-Мрагыларатәи Азиеи Африкеи реимадарақәа рырҭбаара атәы.
Астол гьежь алахәылацәа алацәажәеит аҭҵаарадырра-аналитикатә усеицура аҿиара. Жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәеи, арегионалтә шәарҭадареи, ҳаамҭазтәи агеополитикатә тенденциақәеи рызҵаарақәа рзы ргәаанагарақәа емырдеит.






