Items filtered by date: Ахәаша, 07 Жәабран 2025
200-ҩык рҟынӡа Аԥснытәи арҵаҩцәа рзанааҭтә дырра шьҭырхуеит адыррақәа Рцентр «Машук» аҿы.
Аҟәа. Жәабранмза 7, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Абарҭ амшқәа рзы 200-ҩык рҟынӡа Аԥснытәи абжьаратәи ашколқәа рҟынтәи арҵаҩцәеи адиректорцәеи Пиатигорск ақалақь аҿы иҟоу адыррақәа Рцентр «Машук» аҿы аҵарадырратә усмҩаԥгатәқәа рхы рыладырхәуеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҵара Аминистрра.
Адыррақәа Рцентр «Машук» аҵарадырра аусхкы аҿы инагоу аекспертцәа еиднакылеит. Урҭ рметодикатә ԥышәа аҿар ирымардоит.
Валери Бганба аҳазалхра-тарифтә еиҿкаара азы ауснагӡатәқәа рзы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.
Аҟәа. Жәабранмза 7, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба «Аҳазалхра-тарифтә еиҿкаара азы ауснагӡатәқәа рзы» Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.
Асоциал-економикатә ҭышәынтәалара ашьақәыргыларазы, Ареспублика Аԥсны ахь импорт ҳасабла иаларгало атауарқәа, афатә аалыҵгьы уахь иналаҵаны, егьырҭ зда ԥсыхәа ыҟам атауарҵқәа рыхәԥсақәа иаалырҟьаны рышьҭыҵра алмыршара азы, иара убас амилаҭтә економика аҿиара азы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа раԥҵара иазкны, Аԥсны Аҳазалхратә тариф аиҿкаара аҭышәынтәалара азы ажәалагалақәа реиқәыршәара иазырханы, жәабранмза 10 инаркны мшаԥымза 10, 2025 шықәсанӡа, Аԥсны аминистрцәа Реилазаара лаҵарамза 31, 2024 шықәса рзы иаднакылаз, ажьырныҳәамза 1, 2025 шықәсазы азинмчы зауз Ақәҵара № 68 апункт 3 ала Аԥсны Аҳазалхратә тариф иаланагалаз аиҭакрақәа рынагӡара аамҭала раанкылара азы Ақәҵара инапы аҵаиҩит.
Михаил Шургалин Бадра Гәынба Москва имҩаԥигаз аиԥыларақәа рыхҳәаа ҟаиҵеит: уи иҿцәажәоз зегьы ибзиаӡаны ирдыруан иара уажәы Аԥсны аофициалтә ҳәынҭқарратә структурақәа дырхаҭарнакны дшыҟам.
Аҟәа. Жәабранмза 7, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин аинформациатә Маҵзура Sputnik Аԥсны аҳәарала Бадра Гәынба абарҭ амшқәа рзы Москва ақалақь аҿы аиԥыларақәа мҩаԥго дзыҿцәажәоз ирҩашьон, избан акәзар иара ареспублика аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рхаҭарнакны дыҟаӡам ҳәа иҟоу ацәажәарақәа рыхҳәаа ҟаиҵеит.
Состоялся тестовый полет в аэропорт Сухума
Аԥышәатә реис Москва-Аҟәа раԥхьатәи апассаџьырцәа рыдыркылеит аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аҿы.
Аҟәа. Жәабранмза 7, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥышәатә реис Москва-Аҟәа раԥхьатәи апассаџьырцәа рыдыркылеит аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аҿы. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы дыҟан Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадарахь акандидат Бадра Гәынба. Уи ицны иааит урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рҿы аҵара зҵо аԥснытәи астудентцәа. Аҳаиртә еилазаара «UTVaero» аҳаирплан аӡытә салиут ала иаԥылеит. Иара убас аҳәынҭқарратә хореографиатә ансамбль «Абаза» акәашаҩ ҿарацәа уи аҿаԥхьа инарыгӡеит аԥсуа милаҭтә кәашарақәа.
«Аиашазы, иахьа даара акыр зҵазкуа, 30 шықәса раахыс ҳаззыԥшыз ахҭыс ҟалеит. Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза иаднакылеит акыр аамҭа ҳаззыԥшыз раԥхьатәи аҳаирплан. Агәра ганы сыҟоуп, Урыстәылаҟа аԥыррақәа ргеографиа аринахыс ессааира аҽшарҭбаало», – ҳәа иҳәеит Бадра Гәынба. Бадра Гәынба иажәақәа рыла, атуристтә сезон алагарала Урыстәыла ақалақьқәа рахь иааиԥмырҟьаӡакәа ареисқәа мҩаԥгахалоит.
Российские медики эвакуировали в Сочи новорожденного из Абхазии
Урыстәылатәи аҳақьымцәа ҿыц ииз аӡҟы Аԥснынтәи Шәачаҟа дыргеит.
Аҟәа. Жәабранмза 7, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи аҳақьымцәа ҿыц ииз аӡҟы Аԥснынтәи Шәачаҟа дыргеит.
Аҷкәын диит жәабранмза 5 рзы аҟәатәи ахшараиурҭа аҿы амгәарҭаҿы ицәырҵыз арԥҳатә патологиа иманы.
Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко иҟаиҵаз адҵа ала анестезиологиа-реанимациатә бригада аӡҟы Аԥснынтәи Шәачаҟа ииагаразы Шәачантәи Аҟәаҟа амҩа иқәлеит.
Аԥсны аҭыԥантәи ахаланапхгаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа мҩаԥысуеит мшаԥымза 6 рзы.
Аҟәа. Жәабранмза 7, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҭыԥантәи ахаланапхгаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа мҩаԥысуеит мшаԥымза 6 рзы.
Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба Аԥсны аҭыԥантәи ахаланапхгаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа рымҩаԥгара азы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.
Урыстәылатәи анаука Амшқәа мҩаԥысуеит Аҟәа ақалақь аҿы.
Аҟәа. Жәабранмза 7, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи анаука Амшныҳәеи Урыстәылатәи анаукақәа Ракадемиа 300-шықәса ахыҵреи разгәаҭара аламҭалазы Аҟәа ақалақь иҟоу Урыстәыла аус ацура азы Аофициалтә Хаҭарнакра аресурстә Центр аҿы аҳҭнықалақьи Гал араиони рҟынтәи ашкол аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи рзы хықәкылатәи аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥысит.
Урыстәылатәи анаука Амш есышықәса иазгәарҭоит жәабранмза 8 рзы. Уи аԥҵан рашәарамза, 1999 шықәса рзы, иагьадҳәалахеит 2024 шықәсазы 300 шықәса зхыҵыз Урыстәыла анаукақәа Ракадемиа аԥҵара.
Аныҳәа амҩаԥгара ахықәкы хаданы иҟоуп ауаажәларратә еилазаара анаукатә прогресс разхьарԥшра.
Ареспублика Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацуразы Аофициалтә Хаҭарнакра анапхгаҩы Владислав Куликов Ахаҭарнакра аҟәатәи аресурстә Центр аҿы еизаз аусмҩаԥгатәқәа рыпрограмма дирдырит.
Уи иалалеит адокументалтә фильм «Будущее на твоей тарелке». Уи ҳаԥхьаҟа иҟало афатәқәа ирызкуп (аамҭак ала афильм дырбахеит Гал ақалақь аҿы иҟоу Ахаҭарнакра аресурстә Центр аҿы). Иара убас имҩаԥысит Урыстәыла анаукақәа Ракадемиа аҭоурых иазку ажәахә аӡыргара, Урыстәылатәи анаука аихьӡарақәа атема ала аекспресс-викторина, иара убас амузеи аҭаарала Аексперименталтә патологиеи атерапиеи Ринститут ахь аекскурсиа.
«Ҳара аԥснытәи ҳколлегацәа иҭабуп ҳәа раҳҳәоит иҳауз ас еиԥш алшарақәа рзы. Аԥсны анаукақәа Ракадемиеи ҳареи аимадара бзиа ҳабжьоуп», – ҳәа иҳәеит Владислав Куликов.
Аҟәа ақалақь Аҳабла Ҿыц аҿы жә-еихагыларак змоу аҩны ахыб амца акит.
Аҟәа. Жәабранмза 7, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь, Аҳабла Ҿыц Кьараз амҩаду ала игылоу жә-еихагыларак змоу аҩны №17 ахыб амца акит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.