Items filtered by date: Ахаша, 30 Жьҭаара 2024
Аҭәмаа Џьони Аҳәынҭқарратә Хьчара Амаҵзура аиҳабы актәи ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵоуп.
Аҟәа. Жьҭаарамза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Иусԥҟала аиҵаполковник Аҭәмаа Џьони Гарри-иԥа Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашәарҭадара Амаҵзура Иҷыдоу ахықәкы азы ацентр аиҳабы имаҵзураҟнытә ихы дақәиҭтәуп даҽа маҵзурак аҟны иаҭара инамаданы.
Дадын Чачхалиа Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашәарҭадара Амаҵзура Иҷыдоу ахықәкы азы ацентр аиҳабы имаҵзураҟны даҭоуп.
Аҟәа. Жьҭаарамза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Иусԥҟала Чачхалиа Дадын Валери-иԥа аррамаҵзура дахыԥхьаӡалоуп, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашәарҭадара Амаҵзура Иҷыдоу ахықәкы азы ацентр аиҳабы имаҵзураҟны даҭоуп.
Евразиатәи аусеицура Аҿиара Афонд Аԥсны асоциалогиатә ҭҵаара мҩаԥнагеит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Евразиатәи аусеицура Аҿиара Афонд жьҭаарамза 22 инаркны жьҭаараза 25-нӡа «Аԥсны-Урыстәылатәи аидгылара: амифқәеи аҵабырги» ҳәа хыс иаманы асоциологиатә зҵаара Аԥсны имҩаԥнагеит.
Асоциологиатә зҵаара амҩаԥгара хықәкыс иаман Аԥсны имҩаԥысуа аполитикатә процессқәа рдинамикеи аԥсны-урыстәылатәи аизыҟазаашьақәа изаамҭанытәиу рҭагылазаашьеи аилкаара.
Зынӡа ари асоциологиатә зҵаара рхы аладырхәит араионқәа зегьи амилаҭә гәыԥқәеи рҟынтәи 1217 – ҩык инареиҳаны.
Асоциологиатә ҭҵаара иаанарԥшит Аԥсны атәылауаа актуалра злоу аполитикатә амшхәаԥштә ныррас ирнаҭо, ҳәа адырра ҟанаҵоит Афонд асаит.
Асоциологиатә зҵаара агеографиа Гагра, Гәдоуҭа, Аҟәа, Очамчыра ахәҭак, уҳәа Аԥсны араионқәа амҽханакит.
Асоциологиатә зҵаара иахысыз ауаа рмилаҭтә еилазаара: аԥсуаа, аерманцәа, аурысцәа.
Асоциологиатә зҵаара азеиԥш лҵшәақәа абасала ишьақәгылеит:
94% еиҳа узықәгәыӷыртә иҟоу адгылаҩыс ирыԥхьаӡо Урыстәыла ауп (Ҭырқәтәыла – 5%, Қырҭтәылеи Европатәи атәылақәа Реидгыла аҳәынҭқаррақәеи – 1% аҵкьыс еиҵаны);
93% Урыстәыла Аԥсны еиҳау адгылаҩыс аҩызас ирыԥхьаӡоит;
85% Урыстәылатәи Афедерациеи Ареспублика Аԥсни рыбжьара аусеицура анаҩстәи аҿиареи аҳәаақәа рырҭбаареи иадҳәалоу аусура иадгылоит;
76% Аԥсны уажәтәи анапхгара Урыстәылатәи Афедерациа аус ацура аформатқәа рырҭбаара иадҳәаланы иалнахыз акурс иадгылоит;
94% Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны асуверенитети ашәарҭадареи ихадоу агарантс иҟоуп ҳәа агәаанагара иашоуп ҳәа ирыԥхьаӡоит;
87% Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны арратә аҟазаара аибашьра алагара алзмыршо ихадоу факторуп ҳәа ирыԥхьаӡоит, 6% ус еиԥш иҟоу факторны ирыԥхьаӡоит Аԥсны Арбџьармчқәа, 3% аасҭа еиҵаны – Қырҭтәыла иалнахыз аконструктивтә позициа;
Коӷониа имҩала акаҭран ашьҭаҵара иадҳәалоу аусурақәа ахыркәшарахь инеиуеит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь Коӷониа имҩаҿы акаҭран ашьҭаҵара иаҿуп.
Араҟа инхо Саида Амҷба лажәақәа рыла, ари амҩа шықәсырацәа инеиԥынкыланы аҭагылазаашьа уадаҩны иаанхон: ақәоурақәа рышьҭахь ажрақәа аӡы рҭалон, ашоурақәа раан – ӷәӷәала асаба гылон.
«Араҟа аҭыжаарақәа ахьырацәаз иахҟьаны амашьынақәа лассы-ласы иԥхасҭахон, – ҳәа еиҭалҳәоит лара. – Ҳара даараӡа ҳаигәырӷьоит ҳамҩаду аиҭашьақыргылара ахьзалыршахаз».
Предлагается установить запрет на дополнительную эмиссию ранее выпущенных памятных монет и банкнот
Сухум. 30 октября 2024. Апсныпресс. Четыре законопроекта обсудили в парламентском комитете по бюджету, кредитным организациям, налогам и финансам.
Депутаты приняли решение вынести на ближайшее заседание сессии Парламента для принятия в первом чтении законопроект о внесении изменения в закон «О бюджете Дорожного фонда Республики Абхазия за 2024 год».
Аԥсны арепатриациа Афонд абиуџьеҭ аныхтә хәҭа 92,8 млн. мааҭ рҟынӡа иазҳауеит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара аилатәараҿы 2024 шықәсазы Арепатриациа Афонд абиуџьет аиҭакрақәа ралагаларазы азакәан апроект шьақәдырӷәӷәеит.
Аиҭакра Афонд абиуџьеҭ аныхтә хәҭа иадҳәалахоит, уи 92,8 млн. мааҭ рыла иацҵахоит.
Арепатриациа Афонд ахышәа-ҵышәақәа:
– Афонд абиуџьеҭ ахашәалахәқәа рзеиԥш еицҵалыҵ – 311 млн. 850 ныықь мааҭ,
– Афонд абиуџьеҭ аныхтәқәа рзеиԥш еицҵалыҵ– 427 млн. 266,4 нызықь мааҭ, Афонд абуџьеҭ адифицит ашәагаа – 115 млн. 416,4 нызықь мааҭ.
Аԥсни Урыстәылеи рнапы аҵарҩит аинвестициатә проектқәа рынагӡаразы Аиқәшаҳаҭра.
Аҟәа. Жьҭаарамза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсни Урыстәылеи урыстәылатәи аиуристтә хаҿқәа ареспубликаҿы аинвестициатә проектқәа рынагӡара азин рызҭо Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит.
Адокумент рнапы аҵарҩит Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Максим Решетников.
Аиқәшаҳаҭра аинвестициатә проектқәа рынагӡара азҵаара аҭышәынтәалара адагьы аганқәа рыԥхықәрақәеи рзинқәеи ҳәаақәнаҵоит, Аԥсны аинвестициатә усура назыгӡо аиуристтә хаҿқәа адгылара рыҭара иазку ауснагӡатәқәа алнакаауеит.
«Аиқәшаҳаҭра ареспублика аекономика ахь инацҵаны урыстәылатәи аинвестициақәа ралагалара иацхраауеит, иара убри ала ақыҭанхамҩа, аусдуларатә ааглыхра, атуризм, асанатор-курорттә хәышәтәра, аԥсшьара иадҳәалоу аусхкқәа рыҿиара, аинфраструктура – агаз ала аиқәыршәара, ӡыла аиқәыршәара аобиектқәа, арԥхарра, атранспорт, асоциалтәи ацифратәи аинфраструктура ашьақәгылара иацхраалоит», – ҳәа иазгәеиҭеит Максим Решетников.
Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, аусшәҟәы дахцәажәо, аинвестициақәа Аԥсны аекономикатә ҭагылазаашьа аҭышәынтәалара аус аҿы акыр зҵазкуа ароль нарыгӡоит ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит.
Акцизатә дыргақәа рыхәԥса рыԥсахит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилзаара аҿы ԥхынҷкәынмза 28, 2016 шықәсазы ирыдыркылахьаз «Аҭаҭын аалыҵи иџьбароу арыжәтәи рзы 2016 шықәсазтәи ахкы азы акцизатә дыргақәа ралагаларазы» Ақәҵара №234 аиҭакрақәа ралагалара азы аӡбамҭа рыдыркылеит.
Иалагалахо аҭаҭын аалыҵи иџьбароу арыжәтәи рзы акцизатә дыргақәа рыҟаҵара ахәԥса ахьышьҭыҵыз инамаданы, аминистрцәа Реилазаара ишьақәнарӷәӷәеит:
– Иалагалахо иџьбароу арыжәтә азы 2016 шықәсазтәи ахкы ахала иҷабуа акцизатә дырга (90x26 мм.) шьҭарнахыс ирклоит 1,45 мааҭ, аофсеҭтә шьаҭала иҟаҵоу акцизтә дырга (90x26,5 мм) – 1,15 мааҭ;
– иалагалахо аҭаҭын аалыҵ азы 2016 шықәсазтәи ахала иҷабуа акцизтә дырга (63x21 мм.), иара убас аофсеҭтә шьаҭала иҟаҵоу акцизтә дырга (44x20 мм.) – 1,15 мааҭ.
Иазгәаҭатәу, акцизатә дыргақәа рыхәԥса аа-шықәса ԥахрада иҟан.
Ақәҵара азинмчы аиуеит абҵарамза 1, 2024 шықәса.
Аминистрцәа Реилазаара Аԥсны абиуџьеҭнҭыҵтәи афондқәа фба 2025 шықәсазы рбиуџьеҭқәа рзы азакәанқәа рыпроектқәа шьақәнарӷәӷәеит.
Аҟәа. Жьҭаараза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара Аԥсны абиуџьеҭнҭыҵтәи афондқәа фба 2025 шықәсазы рбиуџьеҭқәа рзы азакәанқәа рыпроектқәа шьақәнарӷәӷәеит.
Зыӡбахә ҳамоу Аԥсны Атәанчаҩратә фонд, Ихымԥадатәиу амедицинатә бгаԥса Афонд, арепатриациа Афонд, 1992-1993шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аинвалидцәа рҳәынҭқарратә биуџьеҭнҭыҵтәи Афонд, асоциалтә бгаԥсеи аџьа ахьчареи Рфонд, Амҩатә Фонд.
Азакәанқәа рыпроектқәа ахәаԥшразы Аҳәынҭқарра Ахада иахь идәықәҵахоит.
– 1992-1993шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аинвалидцәа рҳәынҭқарратә биуџьеҭнҭыҵтәи Афонд 2025 шықәсазы иазԥхьагәаҭоу ахашәалахәқәеи аныхтәқәеи реицҵалыҵ 258 млн. 937,8 мааҭ рҟынӡа инаӡоит.
– Атанчаҩратә Фонд 2025 шықәсазы иазԥхьагәаҭоу ахашәалахәқәеи аныхтәқәеи реицҵалыҵ – 1 млрд. 882 млн. 796,5 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.
Аҳәынҭқарратә биуџьет 2025 шықәсазы иаԥхьагәаҭоу ахашәалахәқәа рзеиԥш еицҵалыҵ 17,4 млрд. мааҭ рҟынӡа инаӡоит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара аҿы «2025 шықәсазы ареспубликатә биуџьеҭ азы» азакәан апроект шьақәдырӷәӷәеит.
Аусшәҟәы ахәаԥшразы Аҳәынҭқарра Ахада иахь идәықәҵахоит.
Адгалара мҩаԥгоуп 2025 шықәсазы Аҳәынҭқарратә биуџьеҭ азеиԥш хышәа-ҵышәа ашьақәырӷәӷәаразы:
– ахашәалахәқәа рыла – 17 млрд 359 млн. 347,7 нызықь мааҭ,
– аныхтәқәа рыла – 17 млрд. 468 млн. 879,6 нызықь мааҭ, аҳәынҭқарратә биуџьеҭ адефицит – 109 млн. 531,9 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.
2025 шықәсазы Ареспубликатә биуџеҭ ахышәа-ҵышәарақәа:
– ахашәалахәқәа рыла – 13 млрд. 145 млн. 838,4 нызықь мааҭ,
– аныхтәқәа рыла – 13 млрд. 255 млн. 370,3 нызықь мааҭ,
– ареспубликатә биуџьеҭ адифицит ашәагаа – 109 млн. 531,9 нызықь мааҭ.
Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи афинанстә цхыраара:
– Ареспублика Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара азы – 3 млрд. 862 млн. 775,5 нызықь мааҭ,
–2023–2025 шш. Ареспублика Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара адгылара аҭара азы Аинвестициатә Программа анагӡара аҳәаақәа ирҭагӡаны азы абиуџьеҭә ԥаратә хархәагақәа рыла аинвестициақәа рымҩаԥгара азы – 1 млрд. 155 нызықь мааҭ,
– 2022–2025 шш. Ареспублика Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара Апрограмма ала аекономика аусхкқәа аҳәынҭқарратә цхыраара рыҭара иазку аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара афинансыркра азы – 100 млн. 500 нызықь мааҭ.
Ареспубликатә биуџьет адефицит афинансыркразы ахыҵхырҭқәас иҟалароуп Амилаҭтә Банки егьырҭ ахыҵхырҭақәеи.
Акредитқәа рыла ажьырныҳәаза 1, 2026 шықәса рзы ареспубликатә аҩныҵҟатәи ауал иреиҳауа аҩаӡара 650 млн. мааҭ рыла ишьақәыргылахоит, акредитқәа рыла ареспубликатә адәныҟатәи ауал хыхьтәи аҩаӡара – 926 млн. 381,3 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит. 2025 шықәсазы ареспубликатә аҩныҵҟатәи амԥсахра апрограмма аицҵалыҵ 650 млн. мааҭ рыла ашьақәырӷәӷаразы адгалара ҟаҵоуп.