Items filtered by date: Ахаша, 30 Жьҭаара 2024
Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз ргәалашәара иазкыз аусмҩаԥгатә далахәын.
Аҟәа. Жьҭаарамза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Есышықәса, жьҭаарамза 30 рзы Аԥсны аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз ргәалашәара Амш азгәарҭоит. Абри аҽны атәыла ауааԥсыра атрагедиатә хҭысқәеи харада ибжьадырӡыз ауааи ҳаҭырла иргәаладыршәоит.
Ашәтәшьаҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысит Жәлар Реизара-Апарламент аҿаԥхьа иҟоу Сариа Лакоба лыхьӡ зху апарк аҿы.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иахьа Аҟәа имҩаԥысыз аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз рбаҟа амҵан ашәҭшьҭаҵара аусмҩаԥгатә далахәын.
Жьҭаарамза 30 – Ареспублика Аԥсны анаукка Амш азгәарҭоит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза 30 рзы Аԥсны иазгәарҭоит анаука Амш. Ԥхынҷкәынмза 12, 1993 шықәса рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада Владислав Григори-иԥа Арӡынба инапы аҵаиҩит «Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа аԥҵаразы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Асовет Ақәҵара анагӡара иазку ауснагӡатәқәа рзы» Аусԥҟа.
Хәажәкырамза 26, 1997 шықәса рзы Владислав Арӡынба «Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа аԥҵаразы» Аусԥҟа ҭижьит, жьҭаарамза 30, 1997 шықәса рзы иалхын Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа актәи аилазаара. Убри азы жьҭаарамза 30 Ареспублика Аԥсны анаука Амш ҳәа иԥхьаӡоуп. Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа аилазаара ахь раԥхьатәи алхрақәа мҩаԥысит жьҭаарамза 30, 1997 шықәса рзы.
Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа иҵабыргу алахәылацәаны усҟан иҟалеит быжьҩык аԥсуа ҵарауаа – Гиви Аиба, Владислав Арӡынба, Шьоҭа Арсҭаа, Хәыхәыҭ Бӷажәба, Михаил Максимов, Баџьгәыр Саӷариа, Баграт Шьынқәба;
Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа алахәылацәа-акорреспондентцәас иҟалеит – Маргарита Ладариа, Валентин Старцев, Владимир Ҵнариа, Лидиа Ҷкадуа, Георги Шамба, Pеваз Швангираӡе.
Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа ҳаҭыр зқәу алахәылацәас иҟалеит – Омар Беигәуа, 3инаида Габуниа, Мурадин Кумахов, Букар Талибов, Џьорџь Хьиуитт, Амин Шагиров, Назир Екба.
Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа раԥхьатәи апрезидентс дҟалеит еицырдыруа аԥсуа лингвист, афилологиатә наукақәа рдоктор, Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа академик Шьоҭа Арсҭаа.
Ари зегьы ареспубликазы акыр иуадаҩыз аамҭазы имҩаԥысуан, аха ареспубликеи уи аԥхьаҟатәи аԥеиԥши рзы Академиа аԥҵаразы ирыдыркылаз азыӡба аҵак дуӡӡа аман. Аҳәынҭқарра нхарҭәааны аҿиаразы, хымԥада, аҭҵаарадырра иамоу аҵакы дууп, уи амилаҭтә економика, ааглыхра, ақыҭанхамҩа, акультура, аҵараиура рыҿиара алзыршо акоуп.
Аԥсны ХХ ашәышықәса 30 – 40-тәи ашықәсқәа рзы иҟаз аполитикатә репрессиақаа быжь нызықь-ҩык инареиҳаны ирылаӡит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза 30 рзы Аԥсны иазгәарҭоит аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз ргәалашәара Амш. Ари амш аҽны ҳара сталинтәи арежим иахҟьаны миллионҩыла харада ахара рыдҵаны иҭархаз ҳгәалаҳаршәоит Арепрессиақәа Аԥснытәи АССР Анагӡаратә Комитет Хада ахантәаҩы Нестор Лакоба Қарҭ Лавренти Бериа еиҵеиҟәаҟәаз аус ала ашҳам иҭаны даныршь ашьҭахь ирылагеит. Сталинтәи арепрессиақәа раан ареспублика уааԥсыла даараӡа ацәыӡ ду аиуит. Уеизгьы хыԥхьаӡарала имаҷыз аԥсуа жәлар ақәӡаара ашәарҭара иҭагылеит. Аԥсны ХХ ашәышықәса 30 – 40-тәи ашықәсқәа рзы иҟаз аполитикатә репрессиақаа быжь-нызықь ҩык инареиҳаны ирылаӡит.