АЖӘАБЖЬҚӘА

Items filtered by date: Ахәаша, 23 Жәабран 2024

Аҟәа. Жәабранмза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Жәабранмза 23, 2024 шықәса рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Апрезидиум Аԥсны апрокурор Хада Адгәыр Агрба Ареспубликатә уаажәларратә Еиҿкаара «Аԥсны Жәлар Реиҿкаара» ахантәаҩы Адгәыр Арӡынба Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаусҩаԥгаратә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 124 инақәыршәаны атәыла апрокурор Хада актәи ихаҭыԥуаҩ Дамир Кәыҵниа  инаигӡоз ауснагӡатәқәа азакәан шьаҭа рымаӡам ҳәа азхаҵареи апрокурор Хада Адгәыр Агба Агрба ари аус иҽацәхьакреи аҭыԥ рыман ҳәа иалеиҵаз ашшыбӷыӡ аганахьала Аҟәа ақалақьтә ӡбарҭа рашәарамза  29, 2023 шықәсазы иаднакылаз азыӡбеи, анаҩс, нанҳәамза 30, 2023 шықәсазы ашьаусеилыргарақәа рзы Ахашшратә коллегиа аҳәаақәҵареи раԥыхразы инаишьҭыз ахылаԥшратә ажәахьанҵа иахәаԥшит.   

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Жәабранмза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Акриптовалиута изакәанымкәа арҳара иазку аусура аарԥшреи аԥхьырҟәҟәаареи рзы апрофилактикатә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгараан Аҟәа ақалақь аҿы  аҳҭнықалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа  ауаажәларратә шәарҭадара амилициа  азимнчы змоу ацуҭа-амилиционерцәа рыла Ажәанба имҩала игылоу ауадарацәа змоу аҩнеихагыла агәраҵа аҿы аус зуаз амаининг ферма рыԥшааит.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Жәабранмза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамчи» Егрытәи Аӡфымцатә Станциеи ареспублика афымцамч ала аиқәыршәара аганахьала аусеицуреи аԥхьаҟатәи аусура азԥхьагәаҭарақәеи ирызкын атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, аенергетикеи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба, «АУН «Амшынеиқәафымцамчи» Аӡфымцастанциеи рнапхгараҭара алархәны имҩаԥигаз аусуратә еилатәара аҿы.   Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Жәабранмза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жәабранмза  23, 2024 шықәса рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба ихантәаҩрала имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҩбатәи Ахада, Аԥсны Афырхаҵа, «Ахьӡ-Аԥша» аорден  I аҩаӡара акавалер Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь диижьҭеи 75-шықәса аҵра иазку агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара азы иаԥҵоу аҳәынҭқарратә Комиссиа аилатәара.   

Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ аҳәынҭқарратә Комиссиа алахәылацәа идыргалаз ажәалагалақәа рыла, Сергеи Багаԥшь диижьҭеи  75-шықәса аҵра иазку аҳәынҭқарратә усмҩаԥгатәқәа рсиа шьақәирӷәӷәеит.

Аҳәынҭқарратә Комиссиа Аҟәа ақалақьи Очамчыра араиони Рхадарақәа  иазԥхьагәарҭаз аусмҩаԥгатәқәа иақәшаҳаҭхеит.

Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь  диижьҭеи 75-шықәса аҵра иазкны имҩаԥгахо агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа

Хәажәкырамза 1, 2024 шықәса  рзы Очамчыра ақалақь аҿы абарҭ аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥгахоит:

Асааҭ 12:10 рзы – Акультура Аҩны аҿы имҩаԥысуеит афотоцәыргақәҵа «С. У. Багаԥш – 75».

Асааҭ 12:50 рзы – 1992–1993 шш. рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз аибашьцәа рбаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысуеит.  

Асааҭ 13:00 рзы – Акультура Аҩны аҿы Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь диижьҭеи 75-шықәса аҵра иазкны аныҳәатә еизара мҩаԥысуеит.

Хәажәкырамза 3, 2024 шықәса, асааҭ 14:00 рзы Очамчыра ақалақь аҿы С. У. Багаԥшь игәалашәара иазкны Аԥсни Ҟарачы-Черкессиати Ареспубликеи ркомандақәа рыбжьара  амҵәышәмпыл азыаиҩызаратә матч   мҩаԥгахоит.

Хәажәырамза 4, 2024 шықәса, асааҭ  11:00 рзы  – Аҟәа араион Алада Ешыра ақыҭан Аԥсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада Владилав Григори-иԥа Арӡынба анышә дахьамадоу аҭыԥ аҿы ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥгахоит.

Асааҭ 12:00 рзы  – Очамчыра араион Џьгьарда ақыҭан Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҩбатәи Ахада имемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысуеит.

Асааҭ 13:00 рзы – Аҟәа ақалақь, Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху аплошьад аҿы имҩаԥгахоит афотоцәыргақәҵа «С.У.Багаԥшь иԥсҭазаареи иусуреи».

Асааҭ 15:00 рзы – С.И.Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр аҿы имҩаԥгахоит С.У.Багаԥшь игәалашәаа иазку ацәыргақәҵа.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Жәабранмза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аконтрабандеи аҳазалхратә зинеилагарақәеи рҿагылара азы Аусбарҭа аусзуҩцеи Аҳәынҭқарратә шәарҭадара  Амаҵзуреи Аҳәынҭстандарти русзуҩцәеи еицымҩаԥыргаз аусмҩаԥгатәқәа ирылҵшәаны Аҟәа ақалақь аҿы ирыԥшааит 39 цыра аус зуаз, ӡылатәи архьшәашәагақәа зцу акриптовалиута арҳара иазку аппаратқәа  (амодел Whatsminer M30S+)            , ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы апресс-маҵзура.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Жәабранмза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ф.А. Искандер ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә аурыс драматә театр анапхгаҩы Иракли Хьынҭәба аспикер иаҳасабала мшаԥымза  17-18, 2024 шықәса рзы Калининградтәи аобласт Светлогорск ақалақь аҿы имҩаԥысраны иҟоу V Жәларбжьаратәи Балтиатәи акультуратә форум ахь ааԥхьара иоуит.  

Иракли Хынҭәба аҳәаанырцә иҟоу аурыс театрқәа рнапхгаҩцәа жәларбжьаратәи аконференциа аилатәара аҿы «Урыстәылатәии адунеизегьтәии атеатр. Акультурақәа рдиалог» атема ала ажәахә ҟаиҵараны дыҟоуп.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Жәабранмза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны акультура аминистр аамҭала  инапынҵақәа назыгӡо Динара Смыр акультура Аминистрра аҟны иҟоу амонументалтә  ҟазара азы  аҳәынҭқарратә Комиссиа аилатәара мҩаԥылгеит.

Аилатәара аҿы Аԥсны Аҩбатәи Ахада Сергеи Багаԥшь ибаҟа иреиӷьу апроект азы жәларбжьаратәи аконкурс II аетап аихшьаалақәа рыҟаҵареи Аҟәа ақалақь аҿы уи ихьӡ зху аплошьад аиқәыршәазаареи ирыдҳәалоу азҵаарақәа  ирылацәажәеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла акультура Аминистрра апресс-маҵзура.  

Аконкурс аҩбатәи аетап аихшьаалақәа ҟарҵоит лаҵарамза  20, 2024 шықәса рзы.

Аконкурс аҩбатәи аетап амҩаԥгара Сергеи Багаԥшь (04.03.1949 – 29.05.2011шш.) диижьҭеит 75-шықәса аҵра иазкны агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа ирыдҳәалахоит.  

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Жәабранмза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жәларбжьаратәи аӡынтәи ашкол «Ашықәс арҵаҩы» жәабранмза 23-24 рзы Гәдоуҭа ақалақь аҿы имҩаԥыслоит. Уи Гәдоуҭа араион аҟынтәи арҵаҩцәа урыстәылатәи рколлегацәеи иҿыцу арҵаҩратә методикақәеи рбара азы алшарақәа рзаԥнаҵоит.

Аинтерактивтә урокқәа раҳасабала ишьақәгылоу раԥхьатәи амастер-классқәа Гәдоуҭа ақалақь 2-тәии 3-тәии ашколқәа рҟынтәи  ашколхәыҷқәеи  арҵаҩцәеи алархәны имҩаԥысуеит.

Москва ақалақь ашкол № 1259 ахимиа арҵаҩы, апедагогикатә наукақәа ркандидат, Урыстәылатәи Афедерациа зҽаԥсазтәыз арҵаҩы Владимир Головнер  иарбоу аусмҩаԥгатә азы игәаанагара иҳәеит.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Жәабранмза 24, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. «Аԥсны Аҳәынҭқарра жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа рзы» азакәан аԥсахрақәа ралагалара алацәажәара иазкын Алхас Барцыц ихантәаҩрала имҩаԥысыз жәларбжьареи, апарламентбжьареи, аџьынџьуаа рымадареи ирызку апарламенттә Еилакы аҟны имҩаԥысыз инарҭбаау аилатәара, ҳәа иаанацҳауеит Жәлар Реизара-Апарламент апресс-маҵзура.

Аилатәара рхы аладырхәит Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, адепутатцәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Жәлар Реизара-Апарлаент аҿы Аҷыдалкаатә зинмчы змоу ихаҭарнак Баҭал Аибеи  аиустициа аминистр Анри Барцыци.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Сухум. 23 февраля 2024. Апсныпресс. Спикер Парламента Лаша Ашуба от имени  депутатского корпуса поздравил с Днём защитника Отечества сенаторов Российской Федерации и депутатов Государственной Думы Федерального Собрания РФ.

Икьыԥхьуп Новости
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.