АЖӘАБЖЬҚӘА

23.Жәабран.2024

14 цыра акриптовалиута арҳара иазку аппаратқәа рыԥшааит Аҟәа ақалақь Ажәанба имҩала игылоу аҩны аҿы.

Аҟәа. Жәабранмза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Акриптовалиута изакәанымкәа арҳара иазку аусура аарԥшреи аԥхьырҟәҟәаареи рзы апрофилактикатә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгараан Аҟәа ақалақь аҿы  аҳҭнықалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа  ауаажәларратә шәарҭадара амилициа  азимнчы змоу ацуҭа-амилиционерцәа рыла Ажәанба имҩала игылоу ауадарацәа змоу аҩнеихагыла агәраҵа аҿы аус зуаз амаининг ферма рыԥшааит.

Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра  апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, иара абри аҭыӡҭыԥ ала инхо Барабаш Максим Игор-иԥа итәу 14 цыра акриптовалиута арҳара иазку аппаратқәа  афымцамч аҟынтәи иаҿыхны иқәыргеит. Иара убас рымхра мҩаԥыргеит акриптовалиута арҳара иазку аусура аҿы рхы иадырхәоз  еиуеиԥшым амодель иатәу 20 блок. Иарбоу аиқәыршәагақәа Аԥсны Аҳәынҭстандарт ашьҭаҵарҭа ахь инагоуп.

 


Read 434 times - Асабша, 24 Жәабран 2024 00:07
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.