АЖӘАБЖЬҚӘА

23.Жәабран.2024

Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны атәылауаа Аԥсадгьыл ахьчаҩ Имш рыдиныҳәалеит.

Аҟәа. Жәабранмза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Аҳәынҭқара Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны атәылауаа Аԥсадгьыл ахьчаҩ Имш рыдиныҳәалеит.

Адныҳәалараҿы иазгәаҭоуп: «Ҳаҭыр Зқәу Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа! Ҳаҭыр зқәу Ареспублика аветеранцәеи атәылауааи! Ишәыдысныҳәалоит Аԥсадгьыл ахьчаҩ Имшныҳәа!

Ари амш символны ирзыҟоуп Ҳаԥсадгьыл ахақәиҭреи ахьыԥшымреи зыхьчоз ҳабацәеи ҳабдуцәеи рфырхаҵара, ргәымшәара, рхамеигӡара. Урҭ хацәынмырхала рықәԥара иалҵшәахеит Аԥсны иахьа асуверинитети акультуратә традициақәеи зыхьчо, хьаҵра ззымдыруа ҳәынҭқарраны аҟалара. Ари амш аҽны ҳҭоурых аҟны еиҳа иуадаҩӡаз аамҭақәа рзы хьыӡла-ԥшала ҳадгьыл зыхьчоз афырхацәа ргәаладыршәоит. Урҭ ргәымшәара, рхаҵара агәыҭгара унаҭоит, Аԥсадгьыл абзиабареи уи аинтересқәа рыхьчареи Аԥсны амилаҭтә акзаара иашьаҭаны ишыҟоу угәаладыршәоит. Иахьа, ҳаҭыр зқәу аррамаҵзурауааи аветеранцәеи, шәҿаԥхьа ҳхырхәоит Аԥсадгьыл ахьчараҿы иаашәырԥшыз алшамҭақәа раҳаҭыр азы. Шәара шәыгәаӷьреи шәхамеигӡареи ҳтәыла аҭынчреи ашәарҭадареи ҵаҵӷәыс ирзыҟоуп», - ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.

Атәыла Ахада Ареспублика аветеранцәеи, атәылауааи ирзеиӷьеишьеит агәабзиара, аилибакаара, аманшәалара, аизҳазыӷьара, аҭынчра.

 

 

 

 


Read 135 times - Ахәаша, 23 Жәабран 2024 22:16
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.