АЖӘАБЖЬҚӘА

23.Жәабран.2024

Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Апрезидиум аҿы Ареспубликатә уаажәларратә Еиҿкаара «Аԥсны Жәлар Реиҿкаара» ашшыбӷыц аганахьала Аҟәа ақалақьтә ӡбарҭеи ашьаусеилыргарақәа рзы Ахашшааратә коллегиеи уаанӡа ирыдыркылахьаз азыӡбақәа раԥыхразы аӡбамҭа рыдыркылеит.

Аҟәа. Жәабранмза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Жәабранмза 23, 2024 шықәса рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Апрезидиум Аԥсны апрокурор Хада Адгәыр Агрба Ареспубликатә уаажәларратә Еиҿкаара «Аԥсны Жәлар Реиҿкаара» ахантәаҩы Адгәыр Арӡынба Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаусҩаԥгаратә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 124 инақәыршәаны атәыла апрокурор Хада актәи ихаҭыԥуаҩ Дамир Кәыҵниа  инаигӡоз ауснагӡатәқәа азакәан шьаҭа рымаӡам ҳәа азхаҵареи апрокурор Хада Адгәыр Агба Агрба ари аус иҽацәхьакреи аҭыԥ рыман ҳәа иалеиҵаз ашшыбӷыӡ аганахьала Аҟәа ақалақьтә ӡбарҭа рашәарамза  29, 2023 шықәсазы иаднакылаз азыӡбеи, анаҩс, нанҳәамза 30, 2023 шықәсазы ашьаусеилыргарақәа рзы Ахашшратә коллегиа аҳәаақәҵареи раԥыхразы инаишьҭыз ахылаԥшратә ажәахьанҵа иахәаԥшит.   

Аҟәа ақалақьтә ӡбарҭа аӡбамҭала Ареспубликатә уаажәларратә Еиҿкаара «Аԥсны Жәлар Реиҿкаара» ахантәаҩы Адгәыр Арӡынба ишшыбӷьыц хәҭакахьала адгылара аиуит. Убас ала, ашшыбӷьыӡ иарбаз Звольҳараку Афымцамҩангага «Аҽгәара 220 кВ» шьаҭанкыла аиҭашьақәыргыларазы ихымԥадатәииз амаҭәахәқәа раахәараан иҟаз ахарџь армыцхәреи, иара убри ала иҟалар зылшоз аԥареимҵәаразы адырра агәаҭараан  апрокурор Хада иахәҭоу аҩаӡараҿы илимыршаӡеит ҳәа иазгәаҭахеит. Убри аан, Аԥсны апрокурор Хада актәи ихаҭыԥуаҩ Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаусҩаԥгаратә Закәанеидкыла ахәҭаҷқәа 143-144 иазԥхьагәарҭо ацәгьоурақәа рзы адырра агәаҭараан инаигӡаз ауснагӡатәқәа азин шьаҭа рымамызт ҳәа азхаҵара азы азыҳәамҭа адгылара амоуӡакәа иаанхеит.  

Ашьаусеилыгарақәа рзы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Ахашшааратә коллегиа  2023 шықәса рашәара 29 рзы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа ақәҵара шыҟаз иааннажьит.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Апрезидиум атәыла апрокурор Хада иалеиҵаз азашшратә ажәахьанҵа ахәаԥшра ашьҭахь Аҟәа ақалақьтә ӡбарҭа рашәарамза 29, 2023 шықәсазы иаднакылаз азыӡбеи Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаусҩаԥгаратә Закәанеидкыла ахәҭаҷ Иреиҳаӡоу аӡбарҭа нанҳәамза 30, 2023 шықәсазы иабоу аус азы иҟанаҵаз алкааи раԥыхреи иарбоу аус аиҭагәаҭареи иҿыцу аусӡбареиҿкаареи рзы актәи аинстанциа аӡбарҭа ахь адәықәҵареи рзы аӡбамҭа рыдыркылеит.  Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аофициалтә саит. 


Read 302 times - Ашәахьа, 26 Жәабран 2024 18:04
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.