Еиҵагыло аҿар рзы атурнир аспорттә, аҵарадыратә, ааӡаратә аспектқәа рыла акыр аанагоит. Уи ахәмарыҩцәа егьырҭ атәылақәа рзы адыррақәа ишиашоу ала аиуразы алшара шьахә рзаԥнаҵоит.
Атурнир швеицариатәи асистема ала 9 тур рыла ишьақәгылоу хаҭалатәи азшьа ала имҩаԥысит.
Аԥсны ахьӡала атурнир рхы аладырхәит ашахматистцәа Ҭрисҭан Кәарацхьелиа, Нестор Багаҭелиа, Сарида Лакәатааи Богдан Туркови.
Аԥснытәи акоманда азыҟаиҵон Аԥсны ашахматқәа Рфедерациа Ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Ҭемыр Зыхәба.
Атурнир аихшьаалақәа рыла, акомандатә зшьа аҿы Аԥснытәи акоманда 1 аҭыԥ ааннакылеит, аҩбатәии ахԥатәии аҭыԥқәа ааныркылеит Урыстәыла акомандақәа, аԥшьбатәи аҭыԥ ааннакылеит Аахыҵ Уаԥстәыла акоманда.
Хаҭалатәи азшьа аҿы актәи аҭыԥ ааникылеит Арсени Танделов (Аахыҵ Уаԥстәыла), аҩбатәи аҭыԥ – Ҭрисҭан Кәарацхьелиа (Аԥсны), ахԥатәи аҭыԥ – Нестор Багаҭелиа (Аԥсны).
Аҭыԥҳацәа рыбжьара актәи аҭыԥ аанылкылеит Алина Бондаренко (Урыстәыла), аҩбатәи – Лиудмила Танделова (Аахыҵ Уаԥстәыла), ахԥатәи – Сарида Лакәатааԥҳа (Аԥсны).