АЖӘАБЖЬҚӘА

26.Жәабран.2024

Аԥсны ахәыҷқәа рпсихикатә ҭагылазаашьа аҭҵаара актәи аетап хыркәшахеит.

Аҟәа. Жәабранмза 26, 2024. Аԥсныпресс. Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Аԥсны ахәыҷқәа рпсихикатә ҭагылазаашьа аҭҵаара актәи аетап шымҩаԥысыз азы адырра ирҭеит, ҳәа иаанацҳауеит агәабзиарахьчара Аминистрра  апресс-маҵзура.

Агәабзиарахьчара аминистри Аԥсны ахәыҷы изин ахьчаразы Азинмчы змоу Мактина Џьынџьалԥҳаи реиԥылара мҩаԥысит ашьыжь, жәабранмза 26 рзы. Уи иара убас рхы аладырхәит ахәыҷқәеи ахбыџқәеи рҳақьым-психиатр Оксана Мельникова, аҳақьым-психиатр Гванца Маҷавариани.

Ахәыҷқәа ргәаҭара мҩаԥысуан абҵарамза 21 инаркны ԥхынҷкәынмза 2, 2023 шықәсанӡа. Зынӡа ирыҿцәажәан 69-ҩык ахәыҷқәа. Иаарԥшыз ауадаҩрақәа рыҟнытә иалкаахеит: рышықәс иаҵанамкуа аҿиараҿы аиҵахарақәа, ахымҩаԥгашьатә еиҵахарақәа, иара убас аемоцианалтә еиҵахарақәа, аҽшьра агәаԥхара змоу ахәыҷқәеи ахбаџқәеи.

Апсихиатр Оксана Мельникова ишазгәалҭаз ала, ахәыҷтәы психиатриатә ҟәша аартра аларшара хымԥадатәны иҟоуп.  

Агәабзиарахьчара аминистр урыстәылатәи аспециалист мҽхакы ҭбаала иналыгӡаз аусуразы иҭабуп ҳәа лаҳәо, иарбоу ахырхарҭа иаҵоу актуалра атәы инаҵшьны иазгәеиҭеит.   Убри аан уи апсихологиатә проблемақәа змоу ахәыҷқәа рыстационартә хәышәтәра аиҿкаара иадҳәалоу ауадаҩрақәагьы азгәеиҭеит.

«Ҳара еилаҳкаауеит ахәыҷқәа зыԥсихика еилагоу ацхыраара рыҭара шхадоу. Аха макьана азҵаара аанхоит астционар аиҿкаара еиҳа иахьыманшәалоу ҳәа», - иҳәеит иара.

Аминистр иазгәеиҭеит астационар аҟны рыхәшәтәра аиҿкаара шыӡбахо, агәаҭарақәа аҩбатәи ахәҭа анхыркәшалак ашьҭахь.

«Аҩбатәи аетап ахыркәшара ҳаазыԥшып, нас уи алҵшәақәа ҳрықәныҟәаны астационартә хәышәтәра аиҿкаара азҵаара аӡбара ҳҽазаҳшәап. Ахәыҷтәы хәшәтәырҭа акәзар зыӡбахә ҳамоу, уи сынтәа аргылара иалагоит, сгәаныла ари азҵаара иаарласны иӡбатәуп», - ҳәа иҳәеит Едуард Быҭәба.

Аиԥылара иалахәыз иара убас аминистр идыргалеит Аԥсны ахәыҷтәы психиатриа аҿиара азы абжьгарақәа рыпроект. 

 


Read 290 times - Аҩаша, 27 Жәабран 2024 00:47
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.