Аҟәа. Жәабранмза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ашҟа аҳәара ҟанаҵеит Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьоу аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысраан, Ганрацәалатәи амашьынақәа роушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ «Адлер» аҿы иҟоу ахҭысқәа ирызхьаԥшырц. Абри атәы аанацҳауеит Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Амедиацентр.
Уаанӡа ареспублика атәылауаа ирҳәахьан ахәааҟны рышәҟәқәа акыраамҭа ишгәарҭо. Убри инамаданы, Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра иҟанаҵаз ааԥхьара аҿы аԥсуа-аурыс ҳәаа ахысраан атәыла ауааԥсыра рганахь ала аҭыԥ змоу хра злам ахҭысқәа ирызхьаԥшырц азы аҳәамҭа ҟанаҵеит .
«Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа Рминистррахь ари азҵаара аганахь ала информациак аҟамзаара инадҳәаланы, адәныҟаполитикатә усҳәарҭа еиуеиԥшым аинформациатә ҭыԥқәа рҿы атәылауаа рықәгыларақәа иазхьаԥшуеит», - ҳәа иаҳәоит адәныҟаполитикатә Хылаԥшыҭа акьыԥхьымҭаҿы.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҳәааҿы имҩаԥысуа иарбоу аинцидентқәа анегативтә интерпретациа аҭаразы аҽазышәарақәа шыҟәоу, аха убри аан Ахылаԥшырҭа урҭ џьара акала ишрылахәым азгәанаҭоит.