АЖӘАБЖЬҚӘА

26.Жәабран.2024

Мурман Соломко: хыԥхьаӡара рацәала аԥсыӡқәа ԥсны Аԥсны амшын аҟәара иқәжьуп ҳәа ирылаҵәаз аинформациа мцуп.

Аҟәа. Жәабранмза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны еиуеиԥшым асоциалтә ҳақәа рҿы ицәырҵуа иалагеит Аԥсны амшын аҟәара иқәжьу хыԥхьаӡара рацәала аԥсыӡқәа ԥсны рфотосахьақәеи рвидеонҵамҭақәеи. Аԥсныпресс акоррепондент диҿцәажәо аԥсыӡ иадҳәаланы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа далацәажәеит аекологиеи аԥсабара ахьчареи рзы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Мурман Соломко.

«Аинтернет аҿы хыԥхьаӡара рацәала аԥсыӡқәа ԥсны Аԥсны амшын аҟәара иқәжьуп ҳәа ирылаҵәаз аинформациа ашьҭахь, ҳара иаразнак аҭыԥ ахь ҳцеит. Аекологцәа ргәыԥ ҳацны ҳара Кьалашәыр аӡиас аӡалаларҭа инарны Алашарбага аҳабланӡа агәаҭарақәа мҩаԥаагеит. Џьаргьы ус аԥсыӡ ԥсны иқәыжьны иҳамбаӡеит. Аинтернет аҿы ирылаҵәаз аинформациа мцхеит», - ҳәа иҳәеит иара.

Аԥсны ауааԥсыра иара убас аҵыхәтәантәи аамҭазы амшын аҟәара иахьаҵанакуа хыԥхьаӡара рацәала иԥсыз аҷнышқәеи абаҟәақәеи ахьыуԥыло  инамаданы ӷәӷәала агәҭынчымра аадырԥшуеит.

 «Аиашазы, аҵыхәтәантәи аамҭазы адунеи зегьы иахьаҵанакуа, амшынқәеи аӡиасқәеи рыԥшаҳәақәа рҿы хыԥхьаӡара рацәала  аԥсаатәқәа аԥсра иалагеит. Касписк (Даӷьсҭан, Урыстәыла – аред.АП азгәаҭа) иԥсит Ашәҟәы Ҟаԥшь иҭагалаз аԥырҟьаԥқәагьы. Урыстәыла макьаназы изышьақәыргыламхаӡеит урҭ рыԥсра зыхҟьаз. Аҷнышқәеи абаҟәақәеи ракәзар, ҳара иҟалаз зыхҟьаз ахьеилаҳкаашаз иҷыдоу алабораториа ҳамаӡам. Ҳара Крапоткин ақалақь аҟынтәи ҳколлегацәа ҳаҽрымаҳдеит (Аҳәынҭқарратә Биуџьеттә Усбарҭа «Кропоткинтәи атәылаҿацәтә ветеринартә лабораториа» –аред. АП азгәаҭа); иҟалар ҟалоит иԥсыз аԥсаатә рыхкы Крапоткинтәи алабоаториа ахь иганы урҭ рыԥсра зыхҟьаз аилкаара ҳалшаргьы», – ҳәа иҳәеит Мурман Соломко. 

 

 


Read 277 times - Аҩаша, 27 Жәабран 2024 14:02
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.