Аҟәа. Жәабранмза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аслан Бжьаниа Аԥсны Апрокуратура Хада аколлегиа аилатәара далахәын
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны Апрокуратура Хада 2023 ш. рзы ахылаԥшратә усбарҭақәа русура аихшьала аколлегиа аилатәара далахәын.
Аколлегиа иалахәын Аԥсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба, Иреиҳаӡоу Аӡбарҭа Ахантәаҩы Саида Быҭәԥҳа, Аҳәынҭқарратә Шәарҭадара Амаҵзура Ахантәаҩы Ҭемыр Ахьиба, Аҟәа ақалақьи араионқәеи рыпрокурорцәа.
Ажәахә хада ҟаиҵеит Аԥсны Апрокурор Хада Адгәыр Агрба, уи, ҷыдала, дырзааҭгылеит иҳаҩсыз ашықәс азы ареспубликаҟны имҩаԥысызи иаарԥшызи ацәгьоурақәа.
Аслан Бжьаниа аколлегиа аихшьалақәа дрыхцәажәо иазгәеиҭеит: «Аҳәынҭқарраҟны аус зуа зегьы, амчратә хырхарҭақәа зегьы рхықәкы - ҳҳәынҭқарра арӷәӷәароуп, избанзар аҳәынҭқарра - ҳара ҳзеиԥш ҩноуп. Шәара ибзианы ижәдыруеит аҳәынҭқарра зцәыӡыз ажәларқәа рлахьынҵа шышьақәгылаз. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы адунеи аҟны имҩаԥысуа шьаҭанкылатәи аҟазшьа змоу ахҭысқәа рацәоуп. Адунеи аҟны аибашьрақәа ахьцо аҭыԥқәа, иаҳҳәозар Ашьха-Ҟарабахтәи Ареспублика, 30 шықәса рыҩныҵҟа ишьақәгылаз, иахьа фактла иҟаӡам. Азҿлымҳара ашәҭарц сҭахуп еиҳа аҵак ду змоу азҵаарақәа, убри аан Апрокуратура Хада аҳәынҭқарра ашьақәыргылараҟны инангӡо ароль ду. Шәара ижәдыруеит, ҳара зегьы ҳшазхарымҵац, ҳара ҳганахьала цәгьашақә зхы мҩаԥызго шыҟоугьы», - иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада, апрокуратура аусзуцәа ас еиԥш иҟоу апроцессқәа ирҿагылар шакәу азгәаҭаны.
Аҳәынҭқарра Ахада ҷыдала иазгәеиҭеит Урыстәылатәи Афедерациеи ҳареи ҳаиҩызаратә еимадара ҵызшәаауа афакторқәа шыҟоу атәы. «Арҭқәа зегьы ҳтәыла аҿиара иаԥырхагоуп. Ицәырҵит амчқәа, ҳастратегиатә партниори ҳареи ҳаимадара аԥхасҭа азҭо. Ари ҟалашьа змам ауп», - ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа . Аҳәынҭқарра Ахада Аԥсны Аҳәынҭқарра актәи Ахада Владислав Арӡынба иажәақәа игәалаиршәо, иҳәеит: «Аԥсуа ҳәынҭқарра аҟазааразы ихадароу ҩ-мчык ыҟоуп. Аԥсны жәлар ргәазыҳәареи Урыстәылатәи Афедерациаҟнытә адгылареи».
Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит арҭ ахымҩаԥгашьақәа аҳәынҭқарра аҩныҵҟа аҭагылазаашьа аруадаҩыр шалшо. «Урыстәылатәи Афедерациеи ҳареи ҳабжьара аҳәынҭқаррабжьаратә еизыҟазаашьақәа рызҵаарақәа ҳанрылацәажәо, аинформациатә жәылара цәырҵуеит. Ас еиԥш иҟоу аусура хықәкыла ҳҳәынҭқарратәра ахырбгалара иазкуп», - иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.
Аилатәара ахыркәшамҭаз Аҳәынҭқарра Ахада апрокуратура аусзуцәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит имҩаԥырго аусуразы, иазгәеиҭеит уи ҷыдала аҵак ду шамоу ҳҳәынҭқарразы.