АЖӘАБЖЬҚӘА

27.Жәабран.2024

Аслан Бжьаниа: Ихьыԥшым ҳҳәынҭкарра аргылараҟны ахаангьы аԥхьатәи апозициақәа аанызкылоз аԥснытәи ажурналистика ароль ахә ашьара уадаҩуп.

Аҟәа. Жәабранмза 27, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны Аҳәынҭқарра амассатә информациа ахархәагақәа рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит.

Адныҳәалараҟны иҳәоуп:

 

«Ҳаҭыр зқәу Аԥсны Аҳәынҭқарра амассатә информациа ахархәагақәа русзуҩцәа!

Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит шәзанааҭтә ныҳәа - Аԥсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә кьыԥхь, амассатә информациа ахархәагақәа, агазеҭ «Аԥсны» 105 шықәса рхыҵра амш!

Ихьыԥшым ҳҳәынҭкарра аргылараҟны ахаангьы аԥхьатәи апозициақәа аанызкылоз аԥснытәи ажурналистика ароль ахә ашьара уадаҩуп. Шәара ҳтәылаҟнеиԥш, уи анҭыҵгьы имҩаԥысуа ахҭысқәа аашәырԥшуеит, инашәыгӡоит актуалра злоу ауаажәларра-политикатә, асоциал-економикатә, арҿиаратә проектқәа, аполитикатә культуреи ауаажәларратә гәаанагареи раԥҵара шәацхраауеит, акыр анырра аҭара шәылшоит атәылаҟны аполитикатәи ауаажәларратәи процессқәа.

Шәара шәыҩныҵҟа есқьынгьы иҟан арҿиаратә уаа, абаҩхатәра змоу, ауаажәларра рҿаԥхьа ирыду аҭакԥхықәра атәы бзианы еилызкаауа, зыԥсадгьыл гәыкала бзиа избо,  згәы азыбылуа. Шәара иахьа шәнапы злаку аус ауасхыр азышьҭазҵаз Дырмит Иасыф-иԥа Гәлиа редакторс даман 2105 шықәса раԥхьа иҭыҵыз агазеҭ «Аԥсны» актәи аномер.

Абри аныҳәамш аҽны ҷыдала иҭабуп ҳәа шәасҳәарц сҭахуп шәааԥсаразы, иаашәырԥшуа аобиективразы, шәыпрофессионализм азы. Сара агәра згоит аԥхьаҟагьы шәзанааҭтә уал шәшацәхьамҵуа, ҳреспубликаҟны имҩаԥсыуа ахҭысқәа ианаамҭоу рцәыргара шәшылшо, Аԥсны ахыԥша аиӷьтәра аус аҟны аҵак ду змоу шәлагаламҭагьы шыҟало.

Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, арҿиаратә еихьӡарақәа, еицакра змам агәазыҳәара шәнапы злаку аус аҟны!»

 


Read 237 times - Ахаша, 28 Жәабран 2024 09:42
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.