АЖӘАБЖЬҚӘА

27.Жәабран.2024

Аԥснытәи аделегациа Адунеизегьтәи аҿар Рфестиваль ахь ицаанӡа абжьгарақәа роуит.

Аҟәа. Жәабранмза 27,2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны аҿари апорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы Адунеизегьтәи аҿар Рфестиваль зхы алазырхәаны иҟоу аԥснытәи аделегациа рԥылара еиҿнакааит.   Аделегациа аилазаараҿы иҟоуп шә-ҩкк ауаа инарзынаԥшуа.

Аҿар ирыҿцәажәарац арахь имҩахыҵит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба, адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба.

Аиԥылара аартуа, аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагба хәажәкырамза 1 инаркны 7-нӡа Афедералтә ҵакыра «Сириус» имҩаԥысло Адунеизегьтәи аҿар Рфестиваль алахәхараз алшара зауз аҿар дрыдныҳәалеит. 

Иара ишазгәеиҭаз ала, иҟоу азгәаҭарақәа рыла ари ашықәс  аҿартә политика адагьы, идуу аспорттә жәларбжьаратәи аицлабрақәа  русхкқәа рылагьы акыр игәылҭәаахар алшоит.

«Аииагәа имҩаԥысыз Урыстәыла аспорт аминистр Олег Матыцин иԥылара аҿы Аԥсны амилаҭтә еизгоу акоманда Жә-ҳәынҭқаррак: Бразилиа, Урыстәыла, Индиа, Китаи, Аладатәи Африка, Еиду Арабтәи Емиратқәа, Иран, Египет, Ефмопиа еидызкыло Аидгылара (БРИКС)- ахәмаррақәеи Адунеизегьтәи аиҩызара ахәмаррақәеи рылахәхара алыршара азы аиқәшаҳаҭра алыршан. Ҳара ҳаспортсменцәа иԥхьагылоу аспорттә тәыла  дуқәа рыцлабра азы алшара роуеит», – ҳәа иазгәеиҭеит Ҭарашь Ҳагба.

Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы  ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Роман Ҵкәуа Адунеизегьтәи аҿар Рфестиваль алахәылацәа зегьы аинтерес зҵоу аусуреи аихьӡара дуқәеи рзеиӷьаишьеит. «Аи Аԥсны азы акыр зҵазкуа хҭыс дууп. 100-ҩык инарзынаԥшуа аҿар афестиваль рхы аладырхәуеит. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп  макьаназы зықәра наӡам 10-ҩык, избан акәзар афестиваль аҿы иҟалоит иара убас ахәыҷтәы программагьы. Афестиваль алахәхаразы аҽазыҟаҵарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны амилаҭтә ҽазыҟаҵаратә комитет аԥҵан», – ҳәа еиҭеиҳәеит Роман Ҵкәуа.

Уи иазгәеиҭеит иара убас афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны амҵәышәмпыл азы атурнир шымҩаԥгахо. Ари атурнир рхы аладырхәраны иҟоуп ААУ аҟынтәи аспортсменцәа.

Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Аԥсны аҿар рзы, иааизакны Аԥсны азы ауникалра злоу алшара рзаԥҵахеит ҳәа иазгәеиҭеит.  

«Ари ииашоу амҩа алхны ҳануп, Аԥсни Урыстәылеи ажәларқәа аиҩызара шрыбжьоу, насгьы уи еиҳа-еиҳа иӷәӷәахоит ҳәа ауп иаанаго. Сара агәра ганы сыҟоуп Аԥсны ахаҭарнакцәа аспорт аганахьала еиԥш ауаҩра аганахьалагьы ибзиаӡаны рхы шаадырԥшуа», – ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.

Аҳәынҭқарра Ахада аҿар атәыла анапхгара аԥснытәи аспортсменцәа жәларбжьаратәи аспорттә еицлабрақәа рылахәхара азы алшара роура иадҳәалоу азҵаарақәа рыӡбара ишаҿу азы  агәра диргеит.

Аслан Бжьаниа, иааиуа амчыбжь азы  атәыла аԥыза-министр далархәны иарбоу азҵаарақәа рзы аилатәара шымҩаԥысуа азы адырра ҟаиҵеит.  

«Сара даара сеигәырӷьоит иахьа араҟа ҳахьеизаз, шьа-шьаҿала уаанӡа иҳалымшоз ҳалҳаршалоит», - ҳәа иҳәеит иара. Аҳәынҭқарра Ахада аспортсменцәа ақәҿиара дуқәа рзеӷьаишьеит.

Адунеизегьтәи аҿар Рфестиваль – адунеи аҿы зегьы реиҳа идуу аҿартә хҭысқәа иреиуоуп.

Афестиваль зынӡа рхы аладырхәраны иҟоуп 20 000-ҩык абизнес, амедиа, жәларбжьаратәи аусеицура, акультура, анаука, аҵарадырра, хатәгәаԥхарала ацхыраара (аволонтиорра), агәыҳалалра, аспорт, ауаажәларратә ԥсҭазаара, уҳәа аусхқәа рыла урыстәылатәии аҳәаанырцәтәии аҿар рԥызацәа, иара убас еиуеиԥшым ахәыҷтәы еиҿкаарақәеи аидгыларақәеи рхаҭарнакра назыгӡо ахбыџьқәа.

 

 


Read 158 times - Амҽыша, 03 Хәажәкыр 2024 19:57
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.