АЖӘАБЖЬҚӘА

25.Жәабран.2024

Иалкаахеит Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла аконкурс аҿы аиааира згаз.

Аҟәа. Жәабранмза 25, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жәабранмза  25 рзы Аԥсны амассатә информациа ахархәагақәа русзуҩцәа Рымш иазку аныҳәатә хәылԥазы мҩаԥысит.

Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг еизаз зегьы ареспублика аҿы жәабранмза 27 рзы иазгәарҭараны иҟоу азанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит.

«Аԥснытәи ажурналистцәа еиуеиԥшым абиԥарақәа ирыҵанакуеит, еиуеиԥшым адунеихәаԥшышьақәа рымоуп, аха доусы хра злоу азҵаарақәа рыӡбара, ауаажәларратә еилазаара ашьақәгылара, иааизакны иуҳәозар, ҳтәыла аҿиара аҿы илагала алеиҵоит», - ҳәа иҳәеит Руслан Ҳашыг.  

Ари ахәылԥаз аҿы ирылаҳәахеит ажуналистцәа Реидгыла  2023 шықәсазы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш  З0 - шықәса ахыҵра инамаданы, «Цқьа идырым аибашьра аҭоурыхқәа» атема ала имҩаԥнагаз аконкурс аҿы аиааира згаз рыхьӡқәа..

Убас, аконкурс аҿы аиааира ргеит:

- аноминациа «Акьыԥхь» аҿы актәи апремиа ланашьахеит Леила Ԥачлиаԥҳа  аочерк «Ари агәалашәара лаӷырӡыла икаҭәоит» («Это память стекает слезой») (агазеҭ «Республика Абхазия»);

- аҩбатәи апремиа лоуит - Елеонора Коӷониа аочеркқәа рцикл «Нодар Шьаҟрыл иҭоурых.» (Спутник- Аԥсны);

- ахԥатәи апремиа ланашьахеит - Есма Арџьениа астатиа «Арратә ҭҟәацәа рзы Женеватәи аконвенциа иақәныҟәон» («Действовали согласно Женевской конвенции по военнопленным») (агазеҭ «Республика Абхазия»). 

Аноминациа «Ателехәаԥшра» аҿы актәи апремиа ианашьахеит - Руслан Ҳашыг (ателефильм «Ахьаа аиааира зылшаз анацәа» Абаза- ТВ);

- аҩбатәи апремиа ланашьахеит - Асҭанда Кецба (адокументалтә фильм «Имтәаӡо ахьаа», Aԥсны Аҳәынҭқарратә Телерадиоеилахәыра);

 - ахԥатәи апремиа ланашьахеит - Елеонора Гилоиан (адокументалтә фильм «Аибашьра абацәеи аԥацәеи» («Отцы и дети войны»), Абаза -ТВ).

Аноминациа Арадиои аинформациатә маҵзурақәеи» аҿы актәи апремиа ланашьахеит Елана Лашәриа арадиоеиҿцәажәарақәа рцикл «Аветеранцәа иргәаладыршәоит» азы (Аԥсуа радио);  

- аҩбатәи апремиа лоуит - Лана Абшьлааԥҳа арадиодырраҭарақәа рцикл «Ицон аҳәса еибашьра»  азы (Спутник- Аԥсны).

Аноминациа «Хатәгәаԥхарауаа» аҿы актәи апремиа ланашьахеит Фаина Матуаԥҳа арепатриантцәа Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ирызкыз ателефильмқәа рцикл  азы. (Абаза -ТВ);

- аҩбатәи апремиа иоуит - Ахра Анқәаб хатәгәаԥхарала еибашьуаз ирызкны аочеркқәа рцикл азы. (Агазеҭ Аԥсны).

Иҷыдоу апремиақәа:

-  аноминациа «Иреиӷьу ателехәаԥшратә проект» аҿы апремиа ланашьахеит Аида Базԥҳа ателецикл «Аԥсадгьыл ахьчара зҽаԥсазтәыз» азы;

- аноминациа «Иреиӷьу ателехәаԥшратә проект» аҿы апремиа ланашьахеит - Лиана Ебжьноу ателецикл «Аинформациатә фронт аибашьцәа» (Абаза -ТВ);

- аноминациа «Адокументалтә фильм» - аҿы апремиа ланашьахеит Надежда Боровикова ателефильм «Аибашьра иазку ажәа» азы (Абаза-ТВ);

 - аноминациа «Иуадаҩу аԥышәарақәа зыршаҳаҭуа» аҿы апремиа ланашьахеит Екатерина Бебиа ашәҟәы «Шьала иҩу ашәҟәқәа» азы;

- аноминациа «Хашҭшьа зқәым аибашьра амшқәа» аҿы апремиа ланашьахеит - Саида Жьиба аԥсуа ар аибашьцәа ирызку аочеркқәа рцикл азы (Спутник - Аԥсны);

- аноминациа « Арегионалтә Телехәаԥшра аҿы адокументалистика» аҿы апремиа ланашьахеит - Кама Быҭәба ателехәаԥшратә цикл «Ԥсра зқәым ахьӡқәа» (Гәдоуҭатәи Ателехәаԥшра); 

- иҷыдоу апремиа ланашьахеит Асмаҭ Ҵәыџьба  аочерк «Абзиабара шсыцу сыԥсуеит. Рауф Дасаниа аҵыхәтәантәи ифырхаҵара» («Любя и умру. Последнее героҟство Рауфа Дасания») азы. (Спутник-Аԥсны). 

 

 

 

 


Read 305 times - Ашәахьа, 26 Жәабран 2024 14:18
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.