АЖӘАБЖЬҚӘА

Items filtered by date: Ашәахьа, 04 Ԥхынҷкәын 2023

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 4, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәынмза  2 рзы, Москватәи аҳәынҭқарратә филармониа аорӷантә абонемент аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит Аԥсны Зҽаԥсазтәыз артистцәа Лука Гделиеи (аорӷан) Кристина Ешбеи (сопрано) злахәыз аконцерт.    Ахәылԥаз апрограмма аҿы иҟан И.С.Бах аорӷан азы иаԥиҵаз имузыка, Кристина Ешба иналыгӡаз Сезар Франк инапы иҵыҵыз еицырдыруа  «Panis Angelicus» аҟынтәи асоло. Араҟа уи илыцқәгылеит авиолончелрҳәаҩы   Илиа Пашинцеви аорӷанрҳәаҩы Лука Гаделиеи. 

Урыстәыла Зҽаԥсазтәыз артист, амаестро Алеқсеи Уткин инапхгарала Москватәи Аҳәынҭқарратә камертә оркестр Г.Ф. Гендель иорӷантә концерти италиатәи акомпозитор ду   М. Е. Босси  иконцерти нанагӡеит.

Москватәи аҳәынҭқарратә филармониа аорӷантә абонементқәа рсериа - ари аклассикатә музыкатә культура апопулиаризациа иазырхоу ауникалра злоу арккаратә проект ауп. Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны еицырдыруа аԥҵамҭақәа реиԥш «ирхашҭхьоу» ашедеврқәагьы нагӡахоит.

Икьыԥхьуп Новости

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 4, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәынмза  2 рзы, Москватәи аҳәынҭқарратә филармониа аорӷантә абонемент аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит Аԥсны Зҽаԥсазтәыз артистцәа Лука Гделиеи (аорӷан) Кристина Ешбеи (сопрано) злахәыз аконцерт.    Ахәылԥаз апрограмма аҿы иҟан И.С.Бах аорӷан азы иаԥиҵаз имузыка, Кристина Ешба иналыгӡаз Сезар Франк инапы иҵыҵыз еицырдыруа  «Panis Angelicus» аҟынтәи асоло. Араҟа уи илыцқәгылеит авиолончелрҳәаҩы   Илиа Пашинцеви аорӷанрҳәаҩы Лука Гаделиеи. 

Урыстәыла Зҽаԥсазтәыз артист, амаестро Алеқсеи Уткин инапхгарала Москватәи Аҳәынҭқарратә камертә оркестр Г.Ф. Гендель иорӷантә концерти италиатәи акомпозитор ду   М. Е. Босси  иконцерти нанагӡеит.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 4, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысит згәабзиара алшарақәа ԥку ауаа рыбжьара астолтә ԥкьаҭмпыл азы атурнир. Уи адунеи зегьы аҿы ԥхынҷкәынмза  3 рзы иазгәарҭо згәабзиара алшарақәа ԥку ауаа Жәларбжьаратәи Рымш иазкны амҩаԥгара еиҿнакааит Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Акомитет.

Аԥсны иҟоу Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Акомитет амиссиа ахада ихаҭыԥуаҩ Борис Казанба иажәақәа рыла, ас еиԥш иҟоу аусмҩаԥгатәқәа иааиԥмырҟьаӡакәа 2012 шықәса раахыс имҩаԥыргоит.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 4, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Нхыҵ-Кавказтәи Афедералтә Университет аректор Дмитри Беспалов дидикылеит.  

Дмитри Беспалов Нхыҵ-Кавказтәи Афедералтә Университети аԥсуа гани ирыбжьоу аусеицура атәы еиҭеиҳәеит.  Уи иажәақәа рыла, иарбоу аусеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны, 2014 шықәса раахыс имҩаԥысуеит аҵарадырратә, аҭҵааратә, анаукатә хырхарҭа змоу аусмҩаԥгатәқәа жәпакы.  

Урыстәылатәи Афедерациа анаукеи иреиҳау аҵарадырреи Рминистрреи Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵарадырра Аминистрреи рыцхыраарала азанааҭтә дырра аҩаӡара ашьҭыхра азы апрограмма иахысит Аԥснынтәи 2500-ҩык инареиҳаны  аспециалистцәа (аҳәынҭқарратә маҵурауаа, аекономикатә сектори аҵарадырра аусхки русзуҩцәа) .

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 4, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. «2024-тәи ашықәс азы Ареспубликатә биуџьет азы» азакәан апроекти   2024-тәи ашықәс азы Ареспублика Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара азы Аиндикативтә плани ирыхәаԥшит ашәахьа, ԥхынҷкәынмза  4 рзы имҩаԥысыз абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы апарламенттә еилакы инарҭбаау аилатәара аҿы.

Аилатәара иалахәыз ареспубликатә биуџьет ахышәа-ҵышәа инарҭбааны иалацәажәеит. Убас, 2024-тәи ашықәс азы Ареспублика Аԥсны Аҳәынҭқарратә биуџьет ихадоу апараметрқәа абасала ишьақәгылоуп:

Ахашәалахәқәа рыла – 14 млрд. 361 млн. 093,4 нызықь мааҭ;

Аныхтәқәа рыла – 15 млрд. 789 млн. 411,2 нызықь мааҭ;

Абиуџьет адефицит – 1 млрд. 428 млн. 317,8 нызықь мааҭ.

Ареспубликатә биуџьет ихадоу апараметрқәа абасала ишьақәгылоуп:

Ахашәалахәқәа рыла – 10 млрд. 931 млн. 384,9 нызықь мааҭ;

Аныхтәқәа рыла – 12  млрд. 197 млн. 026,1 нызықь мааҭ.

Абиуџьет адефицит – 1 млрд. 265 млн. 641,2 нызықь мааҭ.

Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи афинанстә цхыраара азԥхьагәаҭоуп абарҭ апараметрқәа рыла:

Ареспублика Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара азы –  3 млрд. 900 млн. 732,7 нызықь мааҭ;

2023-2025 шш. Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхырааразы Аинвестициатә программа анагӡара аҳәаақәа ирҭагӡаны абиуџьеттә инвестицақәа рымҩаԥгара азы – 1 млрд. 093 млн. 500,0 нызықь мааҭ;

2022-2025 шш. Ареспублика Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара Апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны аекономика аусхкқәа аҳәынҭқарратә дгылара рыҭара азы аусмҩаԥгатәқәа рфинансыркра азы –  162  млн. мааҭ.   

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 4, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Нхыҵ-Кавказтәи Афедералтә Университет аректор Дмитри Беспалов диԥылеит.

«Аԥсны-урыстәылатәи аусеицзура аҳәаақәа ирҭагӡаны, ҳара азҿлымҳара ду аҳҭоит аҵараиуреи аҭҵаарадыреи рхырхарҭала Нхыҵ-Кавказтәи Афедералтә Округ аус ацура. Агәра згоит ари аусура аԥхьаҟа иҵегьы аҽшарҭбаауа», - ҳәа асас аԥсшәа иаҳәо иазгәеиҭеит Аслан Бжьаниа.

Дмитри Беспалов Аҳәынҭқарра Ахада адырра ииҭеит Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны Нхыҵ-Кавказтәи Афедералтә Университет аусура алҵшәақәа рзы.

Иара иҟаиҵаз адыррала, 2014 шықәса инаркны ауниверситет активла аусура мҩаԥнагоит Аԥсны аҵара асистема арҿыцразы. Абри аамҭа иалагӡаны, ареспублика аҵараиура Аминистрра алархәны аҵараиуразы азакәан апроект аус адаҳулеит,  уажәы иара Апарламент аҟны иҟоуп.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 4, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Амҽыша, ԥхынҷкәын 3 рзы Очамчыра араион Гәыԥ ақыҭан ҩбаны еихагылаз ахатәыҩны амца акит.

«Абылра шыҟалаз азы Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра ашҟа адырра ҟалеит 14 сааҭи 37 минуҭи рзы.  Амцарцәаҩцәа аҭыԥ ахь ианнеи аамҭазы аҩны аҩбатәи аихагылеи уи иаҿаԥшьыз ахыбреи амца амҽханакхьан. Амца дырцәон Очамчыра араион абылрацәыхьчаратә хәҭеи Ҭҟәарчал араион абылрацәыхьчаратә хәҭеи рҟынтәи  агәыԥқәа ҩба», - ҳәа адырра ҟанаҵоит Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.

Иҟалаз амашәыр иахҟьаны 22 шықәса зхыҵуа ахаҵа дҭахеит. Иҟалаз абылра зыхҟьаз аилкаара иаҿуп. 

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 4, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.   Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба адепутатцәа рыхьӡала Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура Ахантәаҩы Ҭемыр Ахьибеи Амаҵзура аусзуҩцәеи рзанааҭтә ныҳәа – Ареспублика Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура Амш рыдиныҳәалеит.

Адныҳәалараҟны иҳәоуп:   «Ҳаҭыр зқәу Ҭемыр Иасыф-иԥа! Ҳаҭыр зқәу Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аусзуҩцәа! Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала ишәыдысныҳәалоит шәзанааҭтә ныҳәа – Ареспублика Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура Амш. Ареспублика Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аусзуҩцәа есымша хьыӡла-ԥшала рыуаажәларратәи рырратәи ауалԥшьа нарыгӡон  – 1992–1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра анцоз ԥхьаҟатәи аԥеиԥш иадҳәалаз аамҭа азы еиԥш, акыр иуадаҩуз аибашьрашьҭахьтәи аамҭазгьы. Иахьагьы Ареспублика Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аусзуҩцәа иҳараку аҩаӡараҿы аҳәынҭқарратә интересқәа рыхьчара иазку ауснагӡатәқәа нарыгӡоит. Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аусзуҩцәа рнапы иану амаҵура хыԥхьаӡара рацәала ашәарҭара ацуп. Иҭабуп ҳәа раҳҳәарц ҳҭахуп аветеранцәа, ҳазҭагылоу аамҭазы аусбарҭаҟны знапынҵақәа қәҿиарала иназыгӡо аусзуҩцәа. Иахьа шәара ишәымоу аԥышәеи ҳаамҭазтәи аметодқәеи шәхы иархәаны ҳҳәынҭқарра ашәарҭадара шәахылаԥшуеит», ҳәа иаҳәоит адныҳәалара атекст аҿы.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.