АМЕДИА

Items filtered by date: Ахаша, 25 Рашәара 2025

Аҟәа. Рашәарамза 25, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ацрыӡрыцқьарҭақәа дыргылаанӡа афонҿыцтәи аӡҭакқәа рҭагылазаашьа арҽеиразы аамҭалатәи аӡбара ҳәа ҩ-гәаанагарак ыҟоуп, ҳәа Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба адҵа анагӡаразы адырра ҟаҵо иҳәеит Шьаҭанкыла аргылара Аусбарҭа аиҳабы Дамир Гамсаниа.  

«Адҵа анҳау ашьҭахь ҳара анҭыҵтәи акомиссиа аԥаҳҵет. Аекологцәа ҳацны аӡҭакқәа ҳарҭааны игәаҳҭеит. Иҷыдоу акомиссиа Афонҿыцтәи апарк аҿы иҟоу аӡҭакы аҟьашьра зыхҟьаз еилнакааит.

Аекологцәа излашьақәдыргылаз ала, ааигәатәи асанаториақәа рыӡцарҭақәа рҟынтәи аӡҭакы ахимиатә маҭәашьарқәа ахьалало иахҟьоит. Урҭ амаҭәашьарқәа, ари атуристцәа рылаԥш хызкуа аӡҭакы аекосистема ԥхасҭартәуеит», – ҳәа иҳәеит Дамир Гамсаниа.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Рашәарамза 25, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба идҵа инақәыршәаны Шьаҭанкыла аргылара Аусбарҭа аспециалистцәа Аҟәа ақалақь агәаҿы игылоу, Дырмит Гәлиа илитература-мемориалтә ҩны-амузеи ахыбра ауадақәа рҭагылазаашьа гәарҭеит.

Шьаҭанкыла аргылара Аусбарҭа аиҳабы Дамир Гамсаниа иажәақәа рыла, ахыбра шьаҭанкыла аиҭашьақәыргылара аҭахны иҟоуп.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Рашәарамза 25, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Жәларбжьаратәи аекспертцәа алархәны, ԥкырада аныҟәара атемала аинформациатә сессиа 2025 шықәса рашәара 25 азы, Женева ақалақь аҿы, Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 64-тәи рраунд актәи аусуратә мшы аҳәаақәа ирҭагӡаны, аԥсуа ган аԥшьгарала, имҩаԥган.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Рашәарамза 25, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь ахада Ҭемыр Агрба Аҟәа араион Алада Ешыра ақыҭан иҟоу ацрыӡрыцқьаратә шьақәыргылагақәа ркомплекс агәаҭара мҩаԥигеит.

Аӡымҩахгагеи аӡымҩангагеи егьырҭ амеханизмқәеи рҭагылазаашьа агәаҭара ашьҭахь, Ҭемыр Агрба аԥсахгахәҭақәа рыԥшаареи раахәареи раагареи  арманшәалара алыршаразы адҵа ҟаиҵеит. Абри азы адырра ҟаиҵеит ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Константин Ҭарба.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Рашәарамза 25, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Иахьа Аԥсны ашколқәа 9-11-тәи аклассқәа рҵаҩцәа аныҳәа «Алые паруса» алахәхаразы Санкт-Петербургҟа амҩа иқәлеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҵара Аминистрра апресс-маҵзура. Урҭ ирзыԥшуп инарҭбаау акультура-рккаратә программа, уи акульминациатә хәҭаны  иҟалоит шьҭа традициала ишышьақәгылахьоу еиԥш, рашәарамза  28 – 29 ауха Нева аӡиас ала аԥра цәаԥшь зхагылоу аԥрашхәа аиасра.  

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Сухум. 25 июня 2025. Апсныпресс. Уполномоченная по правам человека в Абхазии Анас Кишмария приняла участие в конференции, посвященной 25-летию создания института Уполномоченного в Татарстане, проходящей в Казани.

Икьыԥхьуп Новости

Аҟәа. Рашәарамза 25, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Атәыла аԥыза-министр Владимир Делба Аԥсны 2026–2030 шш. асоциал-економикатә ҿиаразы Аҳәынҭқарратә программа аҽазыҟаҵара аҳәаақәа ирҭагӡаны аусбаҭақәа русура аоптимизациа азы анапхгарабжьаратәи апланқәа рышьақәырӷәӷәара азҵаарақәа рыла аилатәара мҩаԥигеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Рашәарамза 25, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Вараздат Миносиани атуризм аминистр Асҭамыр Логәуеи МВО, ПВО  ԥыхьатәи асанаториақәа  рҵакырақәеи уи иаԥну апарктә зонақәеи амшынҭаларҭақәеи (аплиажқәа)  рҭагылазаашьа апланнҭыҵтәи агәаҭара мҩаԥыргеит.

Асанаториақәа рҵакырақәа, аплиажи рҭагылазаашьеи аҵакыра ариаҵәареи, рганахьала  хыԥхьаӡара рацәала аилагарақәа аарԥшын. Иаарԥшыз аилагарақәа зегьы рзы аинформациа аҭагылазаашьа аоперативра арҽеиразы уи азы аҭакԥхықәра зду аусбарҭақәа рахь инашьҭхоит.

Атуризм аминистр ахылаԥшырҭа ахьӡала лассы-лассы атуристцәа рҟынтәи аобиектқәа рсанитартә  ҭагылазаашьа, акрыҿаҵара аиҿкаара, уҳәа  азы агәынамӡара зныԥшуа ашәҟәқәа нашьҭхоит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит. Ауадаҩрақәа ыҟоуп ацрыӡмангареи аҩаршьҭрақәеи рҭагылазаашьа иадлҳәалангьы.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Рашәарамза 25, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Ахада Бадра Гәынба рашәарамза 24 рзы  ахәыҷқәа рзы урыстәылатәи аԥаратә цхыраара зауаз гәыԥҩык анацәа дырԥылеит. 

Аҳәынҭқарра Ахада иҟаиҵаз адырра ала иара идҵа инақәыршәаны, аусбарҭабжьаратә усутә гәыԥ аԥҵоуп. Уи анапынҵақәа иреиуоуп ироуз ацхыраагӡақәа ирыхҟьаны ашәарҭара иақәшәаз, Урыстәыла атәылауаҩра змоу Аԥсны атәылауаа азинтә цхыраара рыҭара. Аимадара ҷыда аартуп. Ашәарақәа зауаз ирызку адыррақәа зегьы еизгатәуп.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Рашәарамза 25, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи Рминистрра абиуџьеттә еиҿкаарақәа уахь иналамҵакәа,  аиуристтә хаҿқәа зегьы аҳасабырбатә ҳасаббара иадҳәалоу адырра рынаҭоит.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.