АМЕДИА

Items filtered by date: Аҩаша, 11 Жәабран 2025

Аҟәа. Жәабранмза 11, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Арбитражтә ӡбарҭа ԥхынҷкәынмза 6, 2024 шықәса рзы Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара Еилаху Анаплакы «Аҟәатәи Аӡфымцатә Станциа» (ООО СП «Сухум-ГЭС») Аҟәа араион Ахадара аганахьала Аҟәа араион аҿы Аҟәатәи Аӡфымцатә Станциа аҟынтәи астанцеиҵа «Аҟәа – 1» («Сухум-1») аҟынӡа зхаҳәатәала иргылаз, 19,6 км. рҟынӡа инаӡо, зымчхара 110 кВт рҟынӡа инаӡо афымцамҩангага ацәаҳәа ахатәра азхаҵара азы иаланаҵаз азыҳәара ала азыӡба аднакылеит. Аӡбарҭа иарбоу афымцамҩангагатә цәаҳәа Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара Еилаху Анаплакы «Аҟәатәи Аӡфымцатә Станциа» (ООО СП «Сухум-ГЭС») ахатә мазараны азхаҵара азы аӡбамҭа аднакылеит.

Аӡбаратә усеилыргара ахԥатәи ахаҿы иаҳасабала ахатә дҵақәыргыларада иадыԥхьалан Ареспубликатә унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч».

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Жәабранмза 11, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла Аԥсны ҳамҭас ианаҭаз ашколтә втобусқәа 20 Аԥсны араионқәа иазоурыжьит.  

Хԥа-хԥа автобус роуит:

– Аҟәа араион Ешыра, Ӡыгәҭа, Шыцкәара ақыҭа школқәа рзы;

– Гагра араион – Алаҳаӡы, Лӡаа, Цандрыԥшь ақыҭа школқәа рзы;

– Гәдоуҭа араион – Аҷандара, Џьырхәа, Блабырхәа ақыҭа школқәа рзы;

– Гәылрыԥшь араион – Дранда, Уарча, Кацикыҭ  ақыҭа школқәа рзы;

– Очамчыра араион – Ҷлоу, Кәтол, Мықә ақыҭа школқәа рзы;

– Ҭҟәарчал араион – Царча, Чхәартал, Гәыԥ ақыҭа школқәа рзы.

– Гал араион автобусқәа ҩба Галтәи абжьаратәи ашкол №1, иара убас Абырқыҭ ақыҭа абжьаратәи ашкол рзы.

Иааиуа амшқәа рзы "ГАЗель NEXT" амаркала автобусқәа бжьалоит араионқәа рҟны ашкол иацәыхароу аҭыԥқәа рҟны. Урҭ аҵаҩцәа рымацара ракәымкәан, арҵаҩцәагьы ақыҭа школқәа рахь иргалоит.

Автобусқәа рыҭара азы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит Аԥсны аҵара аминистр инапынҵақәа назыгӡо Инал Габлиеи Урыстәылатәи Афедерациа аҵара аминистр Сергеи Уравцови Москва ақалақь аҿы имҩаԥысыз реиԥылара аҿы.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Жәабранмза 11, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа агәабзиарахьчара Аминистрра аҟны иҟоу ахәыҷқәа ргәабзиара ахьчаразы Амилаҭтә медицинатә ҭҵаара-дырратә Центр адгыларала Аԥсны раԥхьаӡа акәны, жәабранмза  12, асааҭ 9 инаркны аԥснытәи ашколхәыҷқәа рдиспансеризациа мҽхакы ҭбаала амҩаԥгара иалагоит, ҳәа агәабзиарахьчара Аминистрра аҿы имҩаԥгаз абрифинг аҿы адырра ҟаиҵеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр инапынҵақәа назыгӡо Едуард Быҭәба.

Уи иажәақәа рыла, Урыстәылатәи Афедерациа агәабзиарахьчара Аминистрра аҟны иҟоу ахәыҷқәа ргәабзиара ахьчаразы Амилаҭтә медицинатә ҭҵаара-дырратә Центр аҟынтәи иаахьеит Аԥсныҟа 10-ҩык аспециалистцәа: ахәыҷтәы  уролог-андролог, ахәыҷтәы хирург, аневролог, аотоларинголог, аофтальмолог, апсихиатр, аендокринолог, апедиатр, аультрабжьытә диагностика аспециалист, акардиолог.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Жәабранмха 11, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара аҿы имҩаԥысит ахәыҷра аполитика аганахьала актуалра злоу азҵаарақәа рылацәажәара иазкыз аусуратә еиԥылара.

Аиԥылара ихы алаирхәит Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба. Ахәыҷы изиқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Мактина Џьынџьалԥҳа, иара убас Ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Иусбарҭа азиндырҩы  Екатерина Лиаховецкаиа.

Аиԥылара аҿы аиҳарак ахшыҩзышьҭра аҭан абарҭ азҵаарақәа:

– Афымцалашарала аиԥҟьара аныҟоу аамҭазы аҵареи анхареи рҭагылазаашьақәа арманшәаларазы ашкол-интернатқәа адизельтә генераторқәа рыла реиқәыршәара.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Жәабранмза 11, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Алхрақәа рымҩаԥгара аҽазыҟаҵара иазкын Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба имҩаԥигаз аилатәара.

Алхратә комиссиа Хада ахантәаҩы Дмитри Маршьан иҟаиҵаз адыррақәа рыла, жәабранмза 14 – 15 ауха алхрақәа рымш аҽны иаатуа  35 округ рахь абиуллетеньқәа нагахоит.  

АКХ ахантәаҩы иажәақәа рыла, адокументқәа зегьы аҭыԥхадатә комиссиақәа рхантәаҩцәа ирыҭахоит, дара, ахәҭакахьала, доусы ручасткақәа рҿы еихыршоит.

«Уи жәабранмза 14 – 15 ауха имҩаԥыслоит. Иахәҭоу аусшәҟәқәа зегьы ахьышьҭаҵахо 35 округ аҭыӡҭыԥқәа азинхьчаратә усбарҭақәа ирыҭахоит урҭ рыхьчара алыршаразы», – ҳәа адырра ҟаиҵеит Дмитри Маршьан.

Жәабранмза 14 инаркны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ирӷәӷәоу аусура арежим ахь ииасуеит, ҳәа иазгәеиҭеит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут.

«Зынӡа аус рулоит 940-ҩык инарзынаԥшуа  аҩныҵҟтәи аусқәа Рминистрра аусзуҩцәа, урҭ рахьынтә  717-ҩык алхырҭаҭтә ҭыԥқәа рахь еихшахоит, 223-ҩык –  арезерв аҿы иаанхоит», – ҳәа иҳәеит аминистр.    

Амилициа аусзуҩцәа аучасткақәа рҿы азинеиҿкаара ахылаԥшра арҭалоит, иара убас ашәҟәқәа ииазго алхратә комиссиа алахәылацәа мҩаԥыргалоит.

Алхратә ҭыԥхадақәа рааигәара иҟоу араионқәа рҿы аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аппарат Хада ахатәы еилазаара аҟынтәи иназыцҵоу амчқәа радыԥхьалара аҳасабала аҷаԥшьаратә нариадқәа рхыԥхьаӡара иацҵоуп. Амилициа аусдҵауаа ашьыжь асааҭ 7 инаркны алхратә ҭыԥқәа зегьы рҿы абжьыҭиреи абиуллетеньқәа рыԥхьаӡареи хыркәшахаанӡа аус рулоит. 

«Анаҩс ҳара абиуллетеньқәа Алхратә комиссиа Хада ахь анагара ашәарҭадара еиқәҳаршәоит», - ҳәа иҳәеит Роберт Киут.

Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусзуҩцәа иара убас Урыстәылатәи Афедерациа алхратә ҭыԥқәа рахь идәықәҵахоит. Дара абиуллетеньқәа рытранспортировка иацзаауеит.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Сухум. 11 февраля 2025. Апсныпресс. Председатель Центризбиркома Дмитрий Маршан доложил членам Совбеза о готовности к проведению президентских выборов, назначенных на 15 февраля. 

Икьыԥхьуп Новости

Аҟәа. Жәабранмза 11, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Алхратә комиссиа Хада ахантәаҩы Дмитри Маршьан Ашәарҭадара Ахеилак алахәылацәа жәабранмза 15 рзы имҩаԥысраны иҟоу Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа ишазыҟаҵоу азы адырра риҭеит.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Жәабранмза 11, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Зыхьӡ нагоу аспортсменцәа Михаил Чачба ихьӡ зху гәдоуҭатәи ахәыҷтәы-қәыԥштә спорттә школ ааӡамҭацәа, ақәԥаҩ ҿарацәа рзы амастер-класс мҩаԥыргеит. Гәдоуҭаҟа иааит Урыстәыла зҽаԥсазтәыз аспорт азҟаза, Европа хынтә ачемпион, адунеи хәынтә ачемпион, аолимпиатә чемпион, зхы иақәиҭу аиқәԥара азы Урыстәыла еизгоу акоманда азыҟаҵаҩ хада Хаджимурат Гацалов, абырзен-аурымтә қәԥара азы Урыстәыла аспорт азҟаза, Европа ачемпион, аолимпиатә чемпион, Ҟабарда-Балкариатәи Ареспублика Апарламент аспорт азы акомитет ахантәаҩы Мурат Карданов, абырзен-аурымтә қәԥара азы Урыстәыла аспорт азҟаза, Европа хынтә ачемпион, аолимпиатә чемпион  Асланбек Хуштов.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.