pressadmin-2
АГӘАБЗИАРАХЬЧАРА АМИНИСТР ЕДУАРД БЫҬӘБА АБЛА АМИКРОХИРУРГИА АЗЫ АРЕГИОНБЖЬАРАТӘИ ЗТЕХНОЛОГИАТӘ ҨАӠАРА ҲАРАКУ АКЛИНИКА АНАПХГАРАҬАРА АХАҬАРНАКЦӘА ДЫРԤЫЛЕИТ.
Аҟәа. Цәыббрамза 6, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Аҳақьым Шаталов Иклиника» анапхгараҭара ахаҭарнакцәа дырԥылеит. Аиԥылара лхы алалырхәит атәыла агәабзиарахьчара Аминистрра ахәышәтәра-профилактикатә цхыраара Аусбарҭа анапхгаҩы Саида Делба.
Атәыла агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, аиԥылара иалахәыз абла амикрохирургиа азы Арегионбжьаратәи зтехнологиа ҳараку Аклиника аҿы (Шәача ақ.) ихымԥадатәиу амедицинатә бгаԥса аҳәаақәа ирҭагӡаны урыстәылатәи атәылауаҩра змоу Аԥсны ауааԥсыра амедицинатә цхыраара рыҭара иадҳәалоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит. Иара убас аганқәа абла амикрохирургиа Ацентр еиҭаҵуа адиагностикатә комплекс Аԥсныҟа аашьҭра азы еиқәшаҳаҭхеит.
АҞӘАТӘИ АИНФЕКЦИАТӘ ХӘЫШӘТӘЫРҬА АХЬ ИААИТ БАШКОРТОСҬАНТӘИ АҲАҚЬЫМЦӘА.
Аҟәа. Цәыббрамза 6, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭа ахь иааит Башкортосҭанынтәи аҳақьымцәа гәыԥҩык, ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны агәабзиарахьара Аминистрра апресс-маҵзура.
Аҳақьымцәа разымхара инамаданы Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра иҟанаҵаз аҳәарала, башкиртәи аспециалистцәа мызкы иалагӡаны Аҟәатәи аинфекциатә хәашәтәырҭа аҿы аус руан.
НИКАРАГУА ИҞОУ АԤСНЫ АЦҲАРАЖӘҲӘАРҬА АҾЫ АРЕСПУБЛИКА НИКАРАГУА АԤСНЫ АХЬЫԤШЫМРА АЗХАНАҴЕИЖЬҬЕИ 14-ШЫҚӘСА АҴРА ИАЗКНЫ АДИПЛОМАТИАТӘ ДКЫЛАРА МҨАԤЫСИТ.
Аҟәа. Цәыббрамза 6, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә саит иҟанаҵо адыррақәа рыла, Ареспублика Никарагуа атәыла Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азханаҵеижьҭеи 14-шықәса аҵра иазкны адипломатиатә дкылара мҩаԥган.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа ахьӡала Ареспублика Никарагуа адипломатиатә дкылара мҩаԥган атәыла Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азханаҵеижьҭеи 14-шықәса аҵра иазкны.
Адкылара иалахәын Никарагуа адәныҟатәи аусқәа рминистр Денис Монкада, аиҳабыра рлахәылацәа, Амилаҭтә Ассамблеиа адепутатцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа, акультура аусзуҩцәа, Иреиҳаӡоу аӡбарҭа анапхгаҩцәа, аҳҭнықалақь Манагуа ахада Реина Руеда, аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәа рыцҳаражәҳәаҩцәа, атәылаҿы аккредитациа зызуу Ацҳаражәҳәарҭақәа рхаҭарнакцәа.
Аныҳәа аартын Аԥсны Аҳәынҭқарреи Ареспублика Никарагуеи ргимнқәа рарҳәарала.
Адипломатиатә дкылара аартраан ажәахә ҟарҵеит Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра алкааҷыдақәеи азинмчнагӡеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа, Ареспублика Никарагуа адәныҟатәи аусқәа рминистр Денис Монкада.
НИКАРАГУА ИҞОУ АԤСНЫ АЦҲАРАЖӘҲӘАРҬА АҾЫ АРЕСПУБЛИКА НИКАРАГУА АԤСНЫ АХЬЫԤШЫМРА АЗХАНАҴЕИЖЬҬЕИ 14-ШЫҚӘСА АҴРА ИАЗКНЫ АДИПЛОМАТИАТӘ ДКЫЛАРА МҨАԤЫСИТ.
Аҟәа. Цәыббрамза 6, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә саит иҟанаҵо адыррақәа рыла, Ареспублика Никарагуа атәыла Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азханаҵеижьҭеи 14-шықәса аҵра иазкны адипломатиатә дкылара мҩаԥган.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа ахьӡала Ареспублика Никарагуа адипломатиатә дкылара мҩаԥган атәыла Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азханаҵеижьҭеи 14-шықәса аҵра иазкны.
Адкылара иалахәын Никарагуа адәныҟатәи аусқәа рминистр Денис Монкада, аиҳабыра рлахәылацәа, Амилаҭтә Ассамблеиа адепутатцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа, акультура аусзуҩцәа, Иреиҳаӡоу аӡбарҭа анапхгаҩцәа, аҳҭнықалақь Манагуа ахада Реина Руеда, аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәа рыцҳаражәҳәаҩцәа, атәылаҿы аккредитациа зызуу Ацҳаражәҳәарҭақәа рхаҭарнакцәа.
Аныҳәа аартын Аԥсны Аҳәынҭқарреи Ареспублика Никарагуеи ргимнқәа рарҳәарала.
Адипломатиатә дкылара аартраан ажәахә ҟарҵеит Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра алкааҷыдақәеи азинмчнагӡеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа, Ареспублика Никарагуа адәныҟатәи аусқәа рминистр Денис Монкада.
ЦӘЫББРАМЗА 10 – 12 РЗЫ БЗЫԤ АӠИАС ИХУ АЦҲА АЛА АНЫҞӘАРА ААНКЫЛАХОИТ.
Аҟәа. Цәыббрамза 7, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Абруԥагәатә еиҿаԥшьрақәа рыԥсахра иадҳәаланы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥгара инамаданы, Бзыԥ аӡиас ихыу ацҳа аҟны цәыббрамза 10, асааҭ 05:00 инаркны ахәылбыҽха асааҭ 19:00 рҟынӡа аныҟәара аанкылахоит.
ЧЕРҚЕСК АҚАЛАҚЬ АҾЫ ИМҨАԤЫСИТ АСЛАН БЖЬАНИЕИ МУССА ЕҚЬЗЕҚЬИ РЕИԤЫЛАРА.
Аҟәа. Цәыббрамза 7, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ҟарачы-Черқестәи Ареспублика ахь иусуратә ҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Адунеизегьтәи аԥсуа-база жәлар Рконгресс Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩы Мусса Еқьзеқь диԥылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.
Аиԥылара аҿы ирылацәажәеит аԥсуа бызшәа аиқәырхареи аҿиареи, анаука-культуратә, аспорттә, уҳәа Адунеизегьтәи аԥсуа-база жәлар Рконгресс имҩаԥнаго егьырҭ апроектқәа рынагӡара иадҳәалоу азҵаарақәа жәпакы.
Аҳәынҭқарра Ахада аԥсуааи абазааи жәларык роуп уи еиҳау акагьы ыҟаӡам ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.
«Ҳара ҳкультура, ҳбызшәа, ҳмилаҭра — ари иахьа адунеи аҿы иҟоу ашәарҭара маҷымкәа изцу аҭагылазаашьа иадҳәаламкәа хымԥада ихьчатәу, еиқәырхатәу мал дуӡӡоуп», - ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.
АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА ЧЕРҚЬЕСК АИААИРА АПАРК АҾЫ АШӘҬҚӘА ШЬҬАИҴЕИТ.
Аҟәа. Цәыббрамза 7, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, иахьа Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Черқьеск Аиааира Апарк аҿы ашәҭқәа шьҭаиҵеит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Ҟарачы-Черқьестәи Ареспублика Ахада Рашид Темрезов, Аахыҵ Уаԥстәыла Ахада Алан Гаглоев Черқьеск ақалақь аҟны Аиааира апарк аҿы аиашьаратә ҳаҭгәын "Наӡаӡатәи ахьӡ-аԥша амца" аҟны ашәҭқәа шьҭарҵеит.
АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА АСЛАН БЖЬАНИА ҞАРАЧЫ-ЧЕРҚЬЕСТӘИ АРЕСПУБЛИКА АХАДА РАШИД ТЕМРЕЗОВ ДИԤЫЛЕИТ.
Аҟәа. Цәыббрамза 7, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ҟарачы-Черқестәи Ареспублика аиҳабыратә комплекс аҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи Ҟарачы-Черқьестәи Ареспублика Ахада Рашид Темрезови реиԥылара мҩаԥысит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада аԥсшәа иаҳәо, Рашид Темрезов иазгәеиҭеит аиашьаратә еимадарақәа рыҿиареи рырӷәӷәареи иамоу аҵак ду.
"Сара сзы иҳаҭыр дууп ҳреспублика аԥҵоижьҭеи 100 шықәса аҵра азгәаҭара иазку аныҳәатә усмҩаԥгатә аҟны шәбара. Ҳашьцәа аԥсуаа рбара ҳамҭа дууп ас еиԥш иҟоу аныҳәа амш аҽны. Иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит ари амш ахьҳацазгәашәҭо",- ҳәа иҳәеит ҞЧА Ахада.
2022 ШЫҚӘСАЗЫ 8-МЫЗ ИРЫЛАГӠАНЫ АԤСНЫ АШӘҞӘЫ ИҬАГАЛАН 132 АМҨАТӘ МАШӘЫР, ИҬАХЕИТ 38-ҨЫК.
Аҟәа. Цәыббрамза 7, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҳәынҭқарратә автоинспекциа анапхгаҩы Баҭал Агрба дидикылеит. Аԥсны аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, аиԥылара аҿы амҩадуқәа рҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа, ашәарҭадаразы имҩаԥгоу ауснагӡатәқәа, апрофилактикатәии атехникатәи усмҩаԥгатәқәа, уҳәа ирылацәажәеит.
Баҭал Агрба атәыла аԥыза-министр амҩаҿы ишәарҭадоу аныҟәара инамаданы ишьақәгылаз аҭагылазаашьеи имҩаԥгоу аусуреи ртәы изеиҭеиҳәеит.
2022 шықәса 8 мзы ирылагӡаны ареспублика аҿы ашәҟәы иҭагалан 132 амҩатә машәыр, 38-ҩык ҭахеит, урҭ рахьынтә 18 – 18 шықәса инаркны 40 шықәсанӡа зхыҵуаз ракәын, 182 –ҩык еиуеиԥшым ахәрақәа роуит. 2021 шықәса аиԥшзеиԥшу аамҭахәҭа азы Аԥсны 113 инарзынаԥшуа амҩатә машәыр иахҟьаны иҭахеит 23 -ҩык.
Аиҳарак амашәыртә хҭысқәа ҟалеит Гагра араиони «Ԥсоу-Аҟәа» еимаздо ареспубликатә трассеи рҿы.
ЦӘЫББРАМЗА 7 РЗЫ АТӘАНЧАҨРАТӘ ФОНД НАНҲӘАМЗАЗТӘИ АТӘАНЧАХӘҚӘЕИ АЦХЫРААГӠАТӘ ШӘАТӘҚӘЕИ РШӘАРА ХНАРКӘШЕИТ.
Аҟәа. Цәыббрамза 7, 2022 шықәса. Аԥсныпресс /Лана Ҵәыџьба/. Атәанчаҩратә фонд акатегориақәа зегьы ирыҵанакуа атәанчаҩцәа нанҳәамзазтәи атәанчахәқәеи ацхыраагӡатә шәатәқәеи рызшәара хнаркәшеит. Абри атәы Аԥсныпресс ахь адырра ҟарҵеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәанчаҩратә фонд аҟны.
Нанҳәамза, 2022 шықәсазтәи атәанчахәқәеи ацхыраагӡатә шәатәқәеи рзеиԥш еицҵалыҵ 103 млн 223 нызықь мааҭи рҟынӡа инаӡеит.
Ԥхынгәымзазы атәанчахәқәеи ацхыраагӡатә шәатәқәеи рфинанстәра хыркәшахеит нанҳәамза 4 рзы.
2022 шықәса алагамҭа инаркны цәыббрамза 1 -нӡа атәанчахәқәеи ацхыраагӡатә шәатәқәеи иназыцҵоу ашәатәқәеи ршәара азы иазоужьхеит 825 млн 828 нызықь мааҭ, уи иҳаҩсыз ашықәс иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, 83 млн. мааҭ рыла еиҳауп.
2021 шықәсазы аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа азы ишәан 742 млн 280 нызықь мааҭ. Ҳазҭоу ашықәс 8-мзы рыла Атәанчаҩратә фонд абгаԥсатә лагалақәа раҳасабала иалалеит 679 млн 610 нызықь мааҭ, уи 2021 шықәса иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, 100 млн 126 нызықь мааҭ рыла еиҳауп. Ареспубликатә биуџьет аҟынтәи адотациақәа 140 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Атәанчахәқәеи ацхыраагӡатә шәатәқәеи зауа рхыԥхьаӡара 2022 шықәсазы 49 172 - ҩык рҟынӡа инаӡоит, уи иҳаҩсыз ашықәс иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, 968-ҩык рыла еиҳауп.





