АЖӘАБЖЬҚӘА

07.Цәыббра.2022

АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА АСЛАН БЖЬАНИА ҞАРАЧЫ-ЧЕРҚЬЕСТӘИ АРЕСПУБЛИКА АХАДА РАШИД ТЕМРЕЗОВ ДИԤЫЛЕИТ.

Аҟәа. Цәыббрамза 7, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ҟарачы-Черқестәи Ареспублика аиҳабыратә комплекс аҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи Ҟарачы-Черқьестәи Ареспублика Ахада Рашид  Темрезови реиԥылара  мҩаԥысит.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада аԥсшәа иаҳәо, Рашид Темрезов иазгәеиҭеит аиашьаратә еимадарақәа рыҿиареи рырӷәӷәареи иамоу аҵак ду.

"Сара сзы иҳаҭыр дууп ҳреспублика аԥҵоижьҭеи  100 шықәса аҵра азгәаҭара  иазку аныҳәатә усмҩаԥгатә аҟны шәбара. Ҳашьцәа аԥсуаа  рбара ҳамҭа дууп ас еиԥш иҟоу аныҳәа амш аҽны. Иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит ари амш ахьҳацазгәашәҭо",- ҳәа иҳәеит ҞЧА Ахада.     

            

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа  Рашид Темрезов иҭабуп ҳәа еиҳәеит ареспублика аԥҵоижьҭеи 100 шықәса ахыҵра иазку амшныҳәахь  ааԥхьаразы.

«Ҳара ҳааит зеиӷьаҟам шәтәылахь, ҳашьцәа шәахь. Ҳарҭ жәларык ҳауп, ари аҩыза амш азы шәааигәа аҟазаара сара сзы насыԥ дууп", - ҳәа иҳәеит  Аҳәынҭқарра Ахада.

«Ареспублика аҿиарамҩа иануп, уи гәахәарыла иҳадаҳкылоит. Шәареи шәыдгылаҩцәеи амилаҭбжьаратә ҭынчра ашьақәыргылара шәылшәыршеит.  Ишәыдысныҳәалоит Шәаргьы Ҟарачы-Черқьеск иқәынхо милаҭрацәала еилоу ажәлари  ареспублика 100 шықәса ахыҵра амш. Сара сзы гәахәароуп иахьа ара аҟазаара. Аԥсны шәаргьы ишәыԥсадгьылуп, бзиала шәаабеит ҳәа шәаҳҳәоит есқьынгьы, ҳаҭыр зқәу Рашид Бориспи-иԥа",- ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.

Аԥсни Ҟарачы-Черқьестәи Ареспубликеи рхадацәа аусеицзуразы иактуалтәу азҵаарақәа ирылацәажәеит.

 

 


Read 347 times - Ахаша, 07 Цәыббра 2022 20:27
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.