Ҳазҭоу ашықәс 8 мыз ирылагӡаны иаарԥшын 57 203 инарзынаԥшуа амҩатә ԥҟарақәа реилагарақәа, урҭ рахьынтә 14 824 еилагара афотозгәаҭара аметод ала иаарԥшын. Аиҳарак аилагарақәа аҭыԥ рыман Аҟәа ақалақь Гагра ақалақьи рҿы. Илҩааз ахараԥсақәа рзеиԥш еицҵалыҵ 46 млн 144 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит. 1 162-ҩык атранспорттә хархәагақәа рныҟәцара азы азин шрымоу азы аршаҳаҭгақәа рымхуп.
Зынӡа ареспублика аҿы ашәҟәы иҭагалоуп 69 нызқьи 224 цыра автотранспорт.
Хазы иахәаԥшын «Ԥсоу-Аҟәа» еимаздо ареспубликатә трасса аҿы амашәыртә хҭысқәа рыстатистика.
«2022 шықәса 8 мзы ирылагӡаны ишьақәыргылахеит 88 машәыр хҭыс: ҽынла– 42, уахынла – 46 амҩатә машәыр. 2021 шықәсазы автотрасса аҟны иҟалаз амашәыртә хҭысқәа рхыԥхьаӡара 117 аҟынӡа инаӡеит, 2020 шықәсазы иҟалеит 102 амҩатә машәыр», - ҳәа адырра ҟаиҵеит Баҭал Агрба.
Аԥсны аԥыза-министр Баҭал Агрба амҩақәа рҿы апрофилактикатә усура ацашьа агмырхареи еиҳаны алҵшәақәа раарԥшреи рзы анапынҵа ииҭеит.