АЖӘАБЖЬҚӘА

06.Цәыббра.2022

НИКАРАГУА ИҞОУ АԤСНЫ АЦҲАРАЖӘҲӘАРҬА АҾЫ АРЕСПУБЛИКА НИКАРАГУА АԤСНЫ АХЬЫԤШЫМРА АЗХАНАҴЕИЖЬҬЕИ 14-ШЫҚӘСА АҴРА ИАЗКНЫ АДИПЛОМАТИАТӘ ДКЫЛАРА МҨАԤЫСИТ.

Аҟәа. Цәыббрамза 6, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә саит иҟанаҵо адыррақәа рыла, Ареспублика Никарагуа атәыла Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азханаҵеижьҭеи 14-шықәса аҵра иазкны адипломатиатә дкылара мҩаԥган.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа ахьӡала Ареспублика Никарагуа адипломатиатә дкылара мҩаԥган атәыла Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азханаҵеижьҭеи 14-шықәса аҵра иазкны.

Адкылара иалахәын Никарагуа адәныҟатәи аусқәа рминистр Денис Монкада, аиҳабыра рлахәылацәа, Амилаҭтә Ассамблеиа адепутатцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа, акультура аусзуҩцәа, Иреиҳаӡоу аӡбарҭа анапхгаҩцәа, аҳҭнықалақь Манагуа ахада Реина Руеда, аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәа рыцҳаражәҳәаҩцәа, атәылаҿы аккредитациа зызуу Ацҳаражәҳәарҭақәа рхаҭарнакцәа.

Аныҳәа аартын Аԥсны Аҳәынҭқарреи Ареспублика Никарагуеи ргимнқәа рарҳәарала.

Адипломатиатә дкылара аартраан ажәахә ҟарҵеит Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра алкааҷыдақәеи азинмчнагӡеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа, Ареспублика Никарагуа адәныҟатәи аусқәа рминистр Денис Монкада.

Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра алкааҷыдақәеи азинмчнагӡеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Никарагуа Ахада Даниель Ортега иахь инашьҭымҭа даԥхьеит.

Ацҳаражәҳәаҩ иазгәеиҭеит «Цәыббра 3 Аԥсни Никарагуеи реиҩызара ашьаҭа анакыз рыцхәуп» ҳәа.

 

Инар Ладариа иҳәеит аҩҳәынҭқаррак реиҩызара аҿиареи аԥеиԥши шамоу.

Ареспублика Никарагуа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Денис Монкада Никарагуа Ахада Даниель Ортегеи Ахада ихаҭыԥуаҩ Росарио Мурильои рыхьӡала адныҳәалара ҟаиҵеит. Денис Монкада аԥсуа жәлар аизҳазыӷьареи аҿиареи рзеиӷьеишьеит.

Адипломатиатә дкылара асасцәа идырбан Аԥсны иазкыз афотоцәыргақәҵа, авидеороликқәа, арежиссиор Амина Кәарҷиаԥҳа зметраж кьаҿу лҭыхымҭа «Асыс».

Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа анапхгара иҭабуп ҳәа рарҳәоит Аԥсны акультура Аминистрра, Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза Конгресс, арежиссиорцәа Ҭеимураз Кәакәасқьыр, Даниил Оҭырба, Амина Кәарҷиаԥҳа.


Read 406 times - Ахаша, 07 Цәыббра 2022 21:56
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.