АЖӘАБЖЬҚӘА

06.Цәыббра.2022

АГӘАБЗИАРАХЬЧАРА АМИНИСТР ЕДУАРД БЫҬӘБА АБЛА АМИКРОХИРУРГИА АЗЫ АРЕГИОНБЖЬАРАТӘИ ЗТЕХНОЛОГИАТӘ ҨАӠАРА ҲАРАКУ АКЛИНИКА АНАПХГАРАҬАРА АХАҬАРНАКЦӘА ДЫРԤЫЛЕИТ.

Аҟәа. Цәыббрамза 6, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Аҳақьым Шаталов Иклиника» анапхгараҭара ахаҭарнакцәа дырԥылеит. Аиԥылара лхы алалырхәит атәыла агәабзиарахьчара Аминистрра ахәышәтәра-профилактикатә цхыраара Аусбарҭа анапхгаҩы  Саида Делба.

Атәыла агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, аиԥылара иалахәыз абла амикрохирургиа азы Арегионбжьаратәи зтехнологиа ҳараку Аклиника аҿы (Шәача ақ.) ихымԥадатәиу амедицинатә бгаԥса аҳәаақәа ирҭагӡаны урыстәылатәи атәылауаҩра змоу Аԥсны ауааԥсыра амедицинатә цхыраара рыҭара иадҳәалоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит. Иара убас аганқәа абла амикрохирургиа Ацентр еиҭаҵуа адиагностикатә комплекс Аԥсныҟа аашьҭра азы еиқәшаҳаҭхеит.

Акатаракта, аглаукома, абла акаҭара, уҳәа абла ачымазарақәа змоу апациентцәа ргәаҭара хәыда-ԥсада имҩаԥыслоит. Ареспублика ауааԥсыра иарбоу акомплекс анаауа арыцхә азы заанаҵы адырра рыҭахоит.

Атәыла агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба напхгара зиҭо Ахылаԥшырҭа аҿы урыстәылатәи амедикцәа раара азы иахәҭоу аҽазыҟаҵарақәа зегьы мҩаԥгахоит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит. «Сгәы иаанагоит Очамчыреи Ҭҟәарчали рыла ҳалагап ҳәа. Уи аԥышәатә проектқәа ҩба ракәхоит, анаҩс  зыблабара агәаҭара азы алшара змам ауааԥсыра ахьырацәоу, ас еиԥш адиагностика аиҳарак иахьхымԥадатәиу егьырҭ араионқәагьы ҳархысуеит», - ҳәа иҳәеит Едуард Быҭәба.

Ахәҭакахьала, Олег Шаталов  Аԥсны Аҳәынҭқарра агәабзиарахьчара Аминистрра аус ацура ихырҳаганы, ихәарҭаны ишымҩаԥысуа азы агәрагара имоуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.


Read 360 times - Аԥшьаша, 08 Цәыббра 2022 12:50
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.