АЖӘАБЖЬҚӘА

06.Цәыббра.2022

НЕСТОР ЦУЖБА АԤКЬАҬМПЫЛ АЗЫ УРЫСТӘЫЛАТӘИ АТУРНИР АҾЫ АИААИРА ИГЕИТ.

Аҟәа. Цәыббрамза 6, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.   Нанҳәамза 29 инаркны цәыббрамза  4 аҟынӡа Москва ақалақь аҿы  9-10 шықәса зхыҵуа аҷкәынцәа рыбжьара имҩаԥысуан аԥкьаҭмпыл азы Урыстәылатәи атурнир «Аԥкьаҭмпыл азы Москватәи Академиа Ахраҿа». Уи ихы алаирхәит Аԥснытәи аспортсмен қәыԥш Нестор Цужба, ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны аспорти аҿари русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы апресс маҵзура.

«Аҩбатәи аномер ала иқәгылоз Нестор Цужба ԥшь-қәгыларак дырхысны афинал аҟынӡа днаӡеит. Араҟа уи акыр имариамыз аиндаҭлараҿы Хабаровск аҟынтәи аԥкьаҭмпыласҩы диаԥасны атурнир аҿы аиааира игеит», - ҳәа еиҭалҳәеит аспортсмен изыҟаҵаҩ, Аԥсны Ареспубликатә ԥкьаҭмпылтә школ адиректор, аԥкьаҭмпыл азы Аԥсны аспорт азҟаза Елизабет Акәыциа.


Read 364 times - Аԥшьаша, 08 Цәыббра 2022 12:52
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.