АЖӘАБЖЬҚӘА

06.Цәыббра.2022

ҲАЗҬОУ АШЫҚӘС НАНҲӘАМЗА АЗЫ АҲАЗЫЛХРАТӘ ШӘАТӘҚӘА РЗЕИԤШ ЕИЦҴАЛЫҴ 262,6 МЛН. МААҬ РҞЫНӠА ИНАӠЕИТ.

Аҟәа. Цәыббрамза 6, 2022 ш. Аԥсныпресс. 2022 шықәса, нанҳәамза азы аҳазылхратә шәатәқәа рзеиԥш еицҵалыҵ   262,6 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит, уи аплантә рбага аҵкьыс  11,5 млн. мааҭ рыла еиҳауп. Нанҳәамзазтәи аплан  105% рыла инагӡоуп, ҳәа иаанацҳауеит Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы апресс-маҵзура. 

2021 шықәсазы аиԥшзеиԥшу аамҭахәҭа азы иахыԥхьаӡалан 235,9 млн. мааҭ.  2022 шықәса аамзы ирылагӡаны аҳазылхратә шәатәқәа рзеиԥш еицҵалыҵ 1 млрд 882 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит. 2022 шықәса аамзы азы иазԥхьагәаҭаз аплан 124,4% рҟынӡа инаӡоит. Анагӡара азеиԥш еицҵалыҵ 369,5 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит.

 

2021 шықәса аамзы ирылагӡаны еизгаз ашәатәқәа реицҵалыҵ иаҿырԥшны уахәаԥшуазар сынтәа аҳазылхратә шәатәқәа реицҵалыҵ 211,4 млн. мааҭ рыла еиҳахеит. 2021 шықәса аамзы ирҭагӡаны иахыԥхьаӡалан 1 млрд 670,6 млн. мааҭ аҳазылхратә шәатәқәа.


Read 393 times - Аԥшьаша, 08 Цәыббра 2022 12:55
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.